Аслан Бжьаниа Аԥсны акультура аминистр даиҭеит

© Foto / Гудиса АгрбаГудиса Агрба
Гудиса Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа акультура аминистрс дҟаиҵеит Гәдиса Агрба, ари аҭыԥ аҟны иара диԥсахит Ельвира Арсалиаԥҳа.

АҞӘА, рашәара 5 - Sputnik. Гәдиса Агрба Аԥсны Акультура аминистрра дахагылеит, абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аслан Бжьаниа ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Гәдиса Едуард-иԥа Агрба диит 1984 шықәсазы Тҟәарчал ақалақь аҟны. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет даушьҭымҭоуп. Апартиа "Амцахара" аполитхеилак далахәылоуп. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аԥсны ахада Иусбарҭаҟны аус иуан, иара убас Аԥсны Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩыс дыҟан. 

2016 шықәсазы апарламент адепутатцәа Аԥсны Алхратә комиссиа хада алахәылаҩыс далырхит. Убри ашықәсан ахада заанаҵтәи иалхрақәа рзы ареферендум амҩаԥгара аԥшьгаҩцәа дыруаӡәкын. Уи ареферндум ахь абжьыҭаразы иаҭахыз ауаа рхыԥхьаӡара ахьымнеиз азы ишьақәымгылеит.

2017 шықәсазы хәажәкырамзазы атәылаҿы Жәлар Реизара адепутатрахь кандидатс дықәгылан алхратә ҭыԥ хада №8 - Аҟәа Алашарбага аҳаблаҿы. Усҟан аиааира игеит иара иоппонент, апартиа "Аԥсны жәлар ракзаара афорум" аҟынтәи иқәгылаз Ахра Абыхәба.

Гәдиса Агрба иаԥхьа Аԥсны акультура аминистрс дыҟан Ельвира Арсалиаԥҳа, лара ари амаҵура аанылкылон 2014 шықәса жьҭаарамза инаркны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0