Аҳәынҭқарратә харадҵара Артур Анқәаб жәашықәса аҭакра иқәҵатәуп аҳәеит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҳәынҭқарратә харадҵара Артур Анқәаб жәашықәса аҭакра иқәҵатәуп аҳәеит
Аҳәынҭқарратә харадҵара Артур Анқәаб жәашықәса аҭакра иқәҵатәуп аҳәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәсазтәи Аԥсны ахада иалхрақәа раан кандидатс иқәгылаз Артур Анқәаб ауаҩы имҵарсреи уи иоушьҭразы аԥара рацәа риҭарц мчыла идцалареи харас идырҵоит.

АҞӘА, рашәара 6 - Sputnik. Аӡбарҭатә напхгара апрокурор Асида Қәачахьиаԥҳа зхаҿала даарԥшу аҳәынҭқарратә харадҵара Артур Анқәаб хьырхәрас иқәнаҵоит иҟаиҵаз ацәгьоурақәа ааизакны рзы 10 шықәса иџьбароу ҭакрала ихигаразы. Абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа асаит.

Артур Анқәаб харас идырҵоит Армен Григориан имҵарсра. Ашьаусҭҵаара ишаҳәо ала, уи дырӷьычит абҵара 24, 2019 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы, шасыс дызгаз иара иоушьҭразы "аԥара рацәаны ириҭарц мчыла дадырцалон". Ирӷьычыз ауаҩы дыԥшаан ԥхынҷкәын 1 азы Гәдоуҭа араион ақыҭақәа руак аҟны.

Аӡбарҭа ыиасит аганқәа реимак-еиҿак ахь, рашәара 5 рзы аилатәаратә уадахь аилацәажәаразы иҩналеит. Зус рыӡбо ихьчаҩцәа уи ихара шьақәзырӷәӷәо зыршаҳаҭуа ыҟам, Анқәаб ихы дақәиҭтәтәуп рҳәоит.

Наручники  - Sputnik Аҧсны
Артур Анқәаб иус аӡбарҭахь инашьҭуп

Ари ашьаус ала аӡбара ҟарҵоит рашәара 23 асааҭ 12:00 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаратә еилатәарақәа руадаҿы.

Артур Анқәаб 2019 шықәсазтәи Аԥсны ахада иалхрақәа раан кандидатс дықәгылан. Абжьыҭара актәи атур алҵшәақәа рыла, Анқәаб иоуит 1,6% алхыҩцәа рбыжьқәа рахьтә, убри ала аҩбатәи атур ахь дзымнеит.

2017 шықәсазы Анқәаб азинхьчаратә усбарҭақәа ишьҭан ауаҩы игәабзиара ааха ӷәӷәа аҭареи абџьар изакәанымкәа аҵәахреи рзы. Уи ахҭыс ҟалеит нанҳәа 9, 2016 шықәсазы Гагра ақалақь аҟны, усҟан Аԥсны атәылауаа Анри Аргәыни Артур Анқәаби, амцабџьар ала ахаҵа ишьапы иеихсны дырхәит, аҭыԥ аҟынтәи ибналеит.

2018 шықәсазы Анқәаб аӡбарҭа ахара иднаҵеит ахәҭаҷ 107 "деицрашәаны ихы инапаҿы изаамгакәа ауаҩы игәабзиара ааха ӷәӷәеи абжьаратә аахеи рыҭара" инақәыршәаны, убри азы иара иқәҵан ҩышықәса анхара аколониаҿы ихигарц. Убри ашықәсазы амнистиа даҵанакын, доурышьҭит.

Иазгәаҭоуп Артур Анқәаб акгьы ихарам ҳәа ишыԥхьаӡоу уи ихара аӡбарҭа ишьақәырӷәӷәаны азакәантә мчра аиуаанӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0