Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба сынтәа аӡахәаҭрақәа рҭагылазаашьазы: зылаԥш цәгьоу дамыхәаԥшыроуп

© Sputnik / Томас ТхайцукНугзар Ашуба
Нугзар Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩыҟаҵарҭа "Ашәба иашҭа" аԥшәма Ныгәзар Ашәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа ажь аҽаҩра ҟаларц зеиԥшрахо, аӡахәаҭрақәа рзы иаҳа иманшәалоу, мамзаргьы ауадаҩрақәа цәырызго амш арбану, ажь ахкқәа ииааӡо ртәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба аӡахәааӡара иазкны

"Аӡахәаҭрақәа сынтәа аҳауалагьы ачымазара аганхьалагьы урыхәаԥшуазар, ауаа рзы чымазара ҿкык ҟалеит акәымзар, аԥсабаразы амш иара иатәуп. Иарбан шәырзаалакгьы анапы зыдкылоу сынтәа ибзиахоит. Ҳара ҳӡахәарҭрақәагьы напы рыдкылоуп, уаареигәырӷьартә иҟоуп, зылаԥш цәгьоу илаԥш ахыимгартә иҟоуп.

Сынтәа хәыҷык ахьҭақәа иҟаз иаҳагьы иаҭахуп аӡахәаҭра. Ақыҭанхамҩа знапы алаку ибзианы ирдыруеит, хәыҷык аӡын адгьыл анҵаауа ахәаҷамаҷақәагьы ашьуеит, адгьыл иаҳа ибабышӡа иҟанаҵоит. Сынтәа ус еиԥш иҟамызт. Ажь азы араатәи ахьҭакәа уадаҩра цәырнагом, ажь азы 20-25 градус инацны иҵаауазар, усҟан ауп апроблема анцәырнаго", - иҳәеит Ашәба.

Иаҳа инарҭабааны аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҟны. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0