Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қьышьмариа Тҟәарчалтәи атеатр актиорцәа рзы: аусура ианбаҭыҵуа ҳәа иԥшуп

© SputnikЗаур Кишмария
Заур Кишмария  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр аиҳабы Заур Қьышьмариа арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ачымазара ҿкы алаҵәаразы ашәара иахҟьаны актиорцәа арҭ амзақәа аҽазыҟаҵарақәа шырзымҩаԥымгаз.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кьышьмариа Тҟәарчалтәи атеатр акарантин шаныԥшыз атәы

"Раԥхьа ианалага аԥкрақәа авирус азы ҩынтә-хынтә ҳаизеит, аха аҽазыҟаҵарақәа ҟалом анырҳәа, ҳаҟәыҵит. Уажәы амза 15 рҟынӡа рҳәан - ҳаԥшуп. Арежиссиор Роман Сабуа ақәыргыламҭа ҿыц азы аҽазыҟаҵарақәа дшырҿыз ауп ас еиԥш ахҭыс шыҟалаз. Макьана зегьы аҩны итәоуп, ҳаԥшуп ҳанбаҭыҵуа, аусура ҳанбалагои ҳәа. Аҭел иасуеит иҟаҳҵари ҳәа. Зны усгьы рҳәеит ашьшьыҳәа ҳцаны аҽазыҟаҵарақәа ҳрылагап ҳәа, аха мап скит. Уажәшьҭан џьара рыцҳарак, анцәа иҟаумҵан, иҟалар аҭакԥхықәра сыдлоит. Зынӡа ҳаиҵахаӡеит рҳәоит аҭел ианасуа, аха, абаақәа, иаашәычҳа ҳәа расҳәоит, агәабзиара ҳаманы ҳҟалар атеатр шьҭаҳхып", - иҳәеит Қьышьмариа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0