АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. Атуризми аныҟәарақәеи рзы Адунеизегьтәи ахеилак сынтәазы реиҳа ишәарҭам ҭыԥны иалнакааит Ҭырқәтәыла, Саудтәи Аравиа, Португалиа.
Арҭ атәылақәа рҿы ҷыдала иалагалоуп ашәарҭадаратә ԥкаанҵақәа, жәларжьаратәи агәабзиарахьчареи агигиенеи рыстандартқәа ирықәшәо.
Иазгәаҭоуп егьырҭ атәылақәагьы маҷ-маҷ ашәарҭадаратә сиа ишаҵаркхо. Аекспертцәа ражәақәа рыла, атуристцәа уажәнатә ринтерес ркхьеит Мадрид, Барселона, Севилиа.
Ҭырқәтәыла акурорттә сезон аанартхьеит. Аԥсшьаҩцәа асоциалтә дистанциа иқәныҟәоит, арзҩыдарақәа мҩаԥыргоит. Рашәара 15 инаркны аҳәаақәа аанартуеит Италиа, ԥхынгәы 1 инаркны – Бырзентәыла.
Ҟәбан рашәара 1 аахыс иаартуп амедицинатә зин ҷыда змоу асанаториақәа. Рашәара 15 инаркны аԥкырақәа ахырхуеит Ҟәбан.
Аԥсны аԥкырақәа аус руеит рашәара 15 рҟынӡа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Адунеи аҿы реиҳа ишәарҭам атәылақәа алкаауп