АҞӘА, рашәара 11 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа еидарамҩангагала аҳәаа иахысуаз Аԥсны атәылауаҩ идырбалеит асинтетикатә наркотик "метадон". Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура иаанацҳаит абри атәы.
Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ахысраан аидарамҩангага машьына аԥсҟы зкыз идокументқәа рцәыргара мап ацәикит. Иҟаҵаз аԥшаараан амашьынаҿ аилаҳәара рбеит.
Уаанӡа иҟан адырра аушьҭырҭа "Адлер-автодорожный" аҟны Урыстәыла атәылауаҩ анаркотикатә нырра ҟазҵо атаблеткақәа идбаланы даанкылоуп ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Имашьына аметадон ҭан: Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩ даанкылоуп
-
Агероин ацынхәрас аметадон: Аԥсны анаркотикқәа рымҩа