Гагра анцәахәы даман: ажәытәан аԥшьаҭыԥқәа рҿаԥхьа ишхырхәоз

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРесторан Гагрипш в Гаграх.
Ресторан Гагрипш в Гаграх. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытәан Гагра анцәахәы дшамази, иахьа еицырдыруа ақьафурҭа "Гагрыԥшь" аханы иҟоу абахәра иԥшьоу ҭыԥны ишыԥхьаӡази, насгьы уи иамаз адоуҳатә мчи дырзааҭгылеит лымҳаҭасла акәымкәа лабдуцәа рҟынтә жәабжьны изаҳахьаз апоетесса Белла Барцыцԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Гагра асаӡқәа алсны ианцоз, ашьхақәа рахь рыбӷа дырхомызт, изықәтәаз рыҽқәа ауапа рықәмыршәкәа ииасуамызт, аԥшьаҭыԥ аԥхьа рхы шьҭырхуамызт, уи адоуҳатә мчы иацәшәон. Гагра анцәахәы ддыргәамҵуамызт.

Горная река - Sputnik Аҧсны
Ацанбақәа раҳҭынра: асаӡқәа ахьынхоз Цандрыԥшь иазку ҳәамҭақәак

"Ажәытәан Гагра ахатәы нцәахәы даман рҳәон ҳабдуцәа, уи асаӡ ҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҟынтә иаауа акоуп. Ашьхақәа рахь рыбӷа рханы игыломызт, ииасуамызт. Ашьха ақәцәқәа рабдуцәа рхаҿсахьақәа рнырбаалон, уи раҳаҭыр аларҟәроуп рҳәон. Асаӡқәа еиҳарак аҽыхәақәа ракәын изықәтәаз, анцәахәы урҭ роуп ҳаҭыр зқәиҵо ҳәа иԥхьаӡаны. Гагра аԥшьаҭыԥ ианавсуаз ауапа шкәакәа рықәдәыршәуан, дара рыҽқәа ирывагыланы ицон. Иаанҿасыргьы, "улԥха ҳамазааит" рҳәон, ианныҳәоз "Гагра анцәахәы, абри аԥсабара аԥсы ахьынӡаҭазаауа Аԥсны ыҟазааит" ҳәа ражәа иалан", - еиҭалҳәоит Белла Барцыцԥҳа.

Апоетесса лажәақәа рыла, аԥшьаҭыԥ акәша-мыкәша ашәаԥыџьаԥ еилашьшьы иҟан. Ӡыхьк ахы аныҵнахуаз, урҭ рдацқәа аҿҿаҳәа рыбжьы гон, уи алагьы ажәытәуаа еилдыргон ахәшә злаз, иӷәӷәаз, иԥсыҽыз.

Ара акәым, баша бнарак аҿгьы аҵла ажәымзар, насгьы ацынхәра еиҭарымҳакәа ихырҵәараны иҟамызт.

Белла Барцыцԥҳа иахьа лгәы лзырхьуа акәны иҟоуп, ауаа рыбзазара шышьақәдыргыло, иаҳҳәап асасааирҭа, аҩны, адәқьан уҳәа дыргыларц ргәы иахьҭоу аҵла дуқәа рԥырхагоуп ҳәа ирԥхьаӡозар, хара имхәыцкәа ишхырҵәо.

"Ҳарҭ аԥсабареи ҳареи ҳаимадара ыӡуа ишалагаз умбар залшом. Уаанӡа ҳазшаз имҵаныҳәарақәа зегьы аԥсабараҿы акәын иахьымҩаԥыргоз, уи башамызт, иахьа аҩны ишыҟоугьы аныҳәарақәа ҟазҵо дубап. Аԥсабара адоуҳатә мчы абзоурала ҳныҳәаԥхьыӡқәа иаразнак анцәа иҟынӡа инеиуеит рҳәон ҳабдуцәа. Аԥсабара абыжьныхак ираҟараны ахә ршьон. Гәнаҳала ашәышықәсқәа нызҵахьаз аҵла ршанхагақәа ракәым, ашьацҵәҟьа дырҟьацуамызт. Сара Ԥсоу инаркны Гагранӡа шьапыла изныкымкәа саахьеит. Сыблала избоит ҳабнақәа рыхшьаара ишаҿу хара имхәыцуа ауаа. Убри азоуп аԥсабара мап ҳацәнакуа изалагаз", - лгәынамӡарақәа аалырԥшуеит лара.

Белла Барцыцԥҳа лассы-лассы асаӡқәа аԥшьаҭыԥ аԥхьа ианныҳәоз, "Гагра анцәахәы, абри аԥсабара аԥсы ахьынӡаҭазаауа Аԥсны ыҟазааит" ҳәа ирҳәоз ражәақәа данрызхәыцуа, лгәы ҭыԥсаауеит. Убри аҟнытә ажәлар рахь аҳәара ҟалҵоит "ҳнапала Аԥсны ҳамшьып" ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0