Шьамтәылатәи ахроника: аурыс патрульқәа ргәыдлареи Америка аҽырҳаҵҳаҵареи

© Sputnik / Михаил Алаеддин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВоенная полиция РФ на северо-востоке провинции Алеппо в Сирии
Военная полиция РФ на северо-востоке провинции Алеппо в Сирии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арратә хҳәааҟаҵаҩ Александр Хроленко дахцәажәоит Урыстәылатәи Афедерациа Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны апатрульқәа арӷәӷәара изалагази Мраҭашәара аҽахьарҳаҵҳаҵои зыхҟьои.

Александр Хроленко, арратә хҳәааҟаҵаҩ

Урыстәыла шьаҿа-шьаҿала Шьамтәыла аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларахь икылнагоит, атеррористтә гәыԥқәеи мраҭашәаратәи атәылақәеи рҿагылара иахьмырԥшкәа. Урыстәылатәи арратә патрульқәа рыҽдырӷәӷәоит, шьамтәылатәи атәылауаа еиҳа-еиҳа рыԥсадгьыл ахь ихынҳәуеит, аҭынч ԥсҭазаара хәыҷы-хәыҷла иазыгьежьуеит.

Архивное фото российской боевой авиации на авиабазе Хмеймим в Сирии - Sputnik Аҧсны
Изаҭахузеи Урыстәыла Шьамтәыла арратә базақәа

Аха Шьамтәылатәи Арабтәи Республикаҟны аҭагылазаашьа макьана еибарххоуп. Аамҭа-аамҭала еиуеиԥшым агәыԥқәа ирыҵаркуа ацәгьоуцәа рхы цәырыргоит, ИГ* убрахь иналаҵаны. Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, 2019 шықәса инаркны ИГ* ШьАР иахьаҵанакуа ҭыԥкгьы ыҟам иара анапаҿы иааганы иамоу, аха егьырҭ атеррористтә еиҿкаарақәа атәылаҿы макьана рымч ахьыҟоу аҭыԥқәа ыҟоуп.

Урыстәылатәи арратә гәыԥқәа рымчқәа еиҳарак еизганы иахьыҟоу Идлибтәи азонаҿоуп. Уа аурыс-аҭырқәа патрульеицыҟаҵара лҵшәа бзиала имҩаԥысуеит еиқәшаҳатны атрасса М-4 ахәҭаҟны (ари азы аиқәшаҳаҭра Урыстәылатәи Афедерациеи Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи рхадацәа ирыбжьарҵеит хәажәкыра 5, 2020 шықәсазы). Аурыси аҭырқәа гани еиқәшаҳаҭны хәажәкыра 6 инаркны ажәыларақәа ррежим аанкылоуп. Макьана шьаҭанкыла иқәхым атеррористтә гәыԥқәа аҭышәынтәалара апроцесс иаԥырхагахар рҭахуп, аха иаартныҵәҟьа аҿагыларазы рымч азхом.

Аҭоурыхи аԥеиԥши рзы азеиԥш ҭакԥхықәра: Аиааира 75 шықәса ахыҵразы Путин истатиа - Sputnik Аҧсны
Аҭоурыхи аԥеиԥши рзы азеиԥш ҭакԥхықәра: Аиааира 75 шықәса ахыҵразы Путин истатиа

Рашәара 16 рзы аурыси аҭырқәеи аруаа Ерихеи Урум-ель-Џьаузеи рыбжьара еицымаԥыргоз апатруль аан атеррористцәа атеракт ҟарҵарц рҽазыршәеит. Атрасса М-4 аҟны ишьақәыргылаз ахалаҟаҵара ртҟәацга анԥжәа, абронетранспортиор ааха маҷ аиуит. Апатруль алахәылаҩцәа аӡәгьы ԥырхага имоуит.

Шьамтәыла аҩадатәи ахәҭаҿы, ақалақь Кобани азааигәара рашәара 9 рзы урыстәылатәи арратә полициа апатруль амҩаҿы иԥжәеит ахалаҟаҵара амина, аӡәгьы ааха имоуит. Идлибтәи арратә тәарҭаҿы лаҵарамза анҵәамҭазы атрасса М-4 ианыланы ицоз арратә патруль афугас иахаԥжәеит, аррамаҵзурауаҩык дҭахеит.

Шьамтәылатәи аҩадатәи ахәҭаҟны урыстәылатәи абронетранспортиор БТР-82А (рашәара 16), абронеавтомобиль "Тигр" (рашәара 9) амина ианахаԥжәаз ааха ӷәӷәа аӡәгьы иахьимоуз шаҳаҭра ауеит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра арратә патрули иааидкыланы уи аррамаҵзура азнеишьеи, аррамаҵзурауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи аиҷаҳашьеи рзы. Арратә усбарҭа ахархәараҿы иамоу абронетехника ахыԥхьаӡара арҭбаауеит, иагьарӷәӷәоит – ШьАР аҿы ицәырыргеит абронеавтомобиль ҿыцқәа "Таифун", уи иақәгылоуп арадиоԥырхага злаҟауҵаша аппаратура.

Апровинциа Идлиб аҟны аурыс арратә патрульқәа русура дырҭбаауеит, авертолиотқәа Ми-8АМТШ,

Ми-35 рыдгыларала Шьамтәылатәи Арабтә Республика аиҳабыра уаанӡа рнапаҿы ирзаамгацыз арегионқәа рҿы аҭынчра дырӷәӷәоит. 300 километра инареиҳау амаршрут ҭырҵаахьеит Заевфратие араионқәа рҟны, ШьАР аҳәынҭқарратә ҳәаа инаваршәны.

Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны арратә операциа мҩаԥысуеижьҭеи (цәыббра 30, 2015 шықәса инаркны) ахархәара рыҭан ҳаамҭа иақәшәо урыстәылатәи абџьар хкқәа 300 инареиҳаны, убри аан иқәхуп ацәгьоуцәа 87 нызқьҩык инареиҳаны (убри ахыԥхьаӡараҿы Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгылаҟнытәи 5 нызқьҩык раҟара). Ари

ахыԥхьаӡара иҵегьы иацу рацәоуп Урыстәылатәи Афедерациа Шьамтәыла иахьынӡаҟоу имҩаԥнагаз ацхыраара атәы зҳәо.

Последствия авиаударов по Таджуре неподалеку от Триполи, Ливия - Sputnik Аҧсны
ЕАА Мрагылара Ааигәа аҿы аурысқәа рҭагылазаашьа хьаас иамоуп

Мраҭашәаратәи ацыхцыхра

Пентагон рашәара 10 рзы аҳәамҭа ҟарҵеит ЕАА Шьамтәыла наунагӡа аангылара ргәы ишҭам.

Америка ахада Дональд Трамп хышықәса раԥхьагьы иҳәахьан Шьамтәылеи Ираки иахьрыҵаркуа ИГ* иаиааит ҳәа. Аха урҭ рырратә контингент "ақәгара" иалагеит ҳәа акгьы убом, Арабтә республикаҿы изакәанымкәа (ЕАР асанкциа ма Дамаск аҟынтәи ааԥхьара рымамкәа) иахьа уажәраанӡа иишыҟац иҟоуп.

Америкатәи "апартниорцәа" рашәара 16 рзы Иракнтәи Шьамтәыла аҩада-мраҭашәарахь идәықәырҵеит арратә техника зқәыз 45 еидарагага машьынақәа, абронеавтомобильқәа 7, абылтәы зҭаз ацистернақәа рыла ишьақәгылаз аколонна. Уи шьамтәылатәи апровинциа Хасеке иалалеит изакәанымкәа аус зуа агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ аль-Валид иахысны, иагьжәықәлеит анефтаҵхратә провинциаҟны изакәанымкәа игылоу америкатә арратә базақәа рахь.

Ас еиԥш америкаа рхымҩаԥгашьа Дамаск ампыҵахалара ауп ҳәа ахнаҳәаауеит, уи зыхҟьогьы Вашингтон Шьамтәыла иҟоу анефт хыҵхырҭақәа анапаҿы реиқәырхара ахьаҭаху ауп аҳәоит.

Празднование 47-летия дивизии надводных кораблей Черноморского флота - Sputnik Аҧсны
Амшынеиқәаҿ Урыстәыла имҩаԥнаго ганрацәалатәи аҽазыҟаҵарақәа НАТО иаҭакуп

Шьамтәыла аганахьала Вашингтон асанкциа ҿыцқәа раԥхьаӡа иргыланы Арабтә республика аҭынч уааԥсыра роуп изԥырхагоу. Еиду Америкатәи аштатқәа рҟны рашәара 17 рзы "Шьамтәыла аграждантә тәылауаа рыхьчаразы" захьӡу азакәан ҿыц амч аиуит, уи урыстәылатәи Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахәшьара бзиа анаҭеит: "Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә Хеилак иазхьамԥшкәа ирыдыркылаз ганкахьалатәи арестрикциақәа ахәшәқәа, … акомпиутерқәа, зтехнологиа ҳараку амаругақәа (арентгентә сканерқәа, арԥҳақәа аҳауарҭарсгақәа (ИВЛ), адиализҟаҵареи ашәахәатә терапиеи рыҟаҵаразы амашьынақәа), иара убас арҵәыгақәа, аӡрыцқьагақәа, аргыларатә маҭәахәқәа, афымцагенераторқәа Шьамтәылаҟа рнагара ԥыркуеит".

* – Урыстәылатәи Афедерациаҟны изакәаным ҳәа иԥхьаӡоу атеррористтә ӷәыԥ.

Ажәабжьқәа зегьы
0