Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьопуа абгақәа рнырҵәара аус азы: рхыԥхьаӡара ауаҩы иԥырхагамхо иҟаҵатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРоман Джопуа
Роман Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит агыгшәыгқәа рнырҵәара аус анаҩсгьы ацҵара ахәҭаны ишиԥхьаӡо.
Џьопуа абгақәа рнырҵәара аус азы: рхыԥхьаӡара ауаҩы иԥырхагамхо иҟаҵатәуп

"Аӡынтәи амзақәа рзы аус иацҵатәуп. Ари ашәарҭара ҟанаҵоит, ауаа рырахә ннарҵәоит, дара ауааԥсырагьы рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭанаргылоит. Агыгшәыгқәа рнырҵәара аус нагӡалатәуп, хымԥада, сара сгәаанагарала. Уаҳа ԥсыхәа ыҟаӡам. Егьырҭ азнеишьақәа зегьы ари апроблема аӡбаразы иалҵгәышьом. Ахәшә рыҭан рышьра ҳара ҳҿы иалымшо усуп. Аԥсны маҷуп, аҩнытә ԥстәқәеи абнатә ԥсҭәқәеи хара-хара иҟам, еиланхоит уҳәар алшоит. Агыгшәыгқәа алаҵақәа рзыҟаҵарагьы иалымҵуа усуп. Аморал аганахьала уазхәыцуазар, урҭ рыхьчара, рыхәышәтәра, алаҵарала акәӡам ипроблеманы иҟоу, урҭ ныхтәуп, уи адагьы ԥсыхәа ыҟаӡам, ишынеибаку ҳәа ҳҳәаӡом, аха рхыԥхьаӡара ауаҩы иԥырхагамкәа иҟаҵалатәуп. Есышықәса хымз рыҩнуҵҟа убри аус нагӡалатәуп. Нас имаҷхоит, мамзар амҩадуқәа рҿы уахынла иумбар залшом, ана-ара иахьцәырҵуа, анхацәа урҭ рыбжьалагьы ирдыруеит рхыԥхьаӡара акырӡа ишырацәоу", - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0