"Агәалашәаратә цәашьы" аркын Гагра Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаАкция "Свеча памяти" в Гагре
Акция Свеча памяти в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акциа "Агәалашәаратә цәашьы" мҩаԥысит Гагра ақалақь, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Рашәара 21 ауха, Гагра ақалақь, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа имҩаԥган Гитлертәи Германиа Асовет Еидгыла ианақәлаз амш 79 шықәса ахыҵра ахьӡала "Агәалашәаратә цәашьы" захьӡыз акциа. Уи еиҿкаан Аԥсны иҟоу ауаажәларратә еиҿкаарақәа "Аурысцәа рхеилаки", "Амшынеиқәатә аказактә ари", "Аԥснытәи аказакцәеи, аибашьра иалахәыз аказакцәа-аветеранцәеи", "Аԥсни, Луганск Жәлар ареспубликеи, Данецк Жәлар ареспубликеи реизыҟазаашьақәа рырҿиара Афонди", "Аиааира 75 шықәса ахыҵра ахьӡла ишьақәгылаз аволонтиортә гәыԥи" раԥшьгарала, Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахаҭаранакра адгыларала.

Владимир Ҳаразиа 100 шықәса ихыҵра азгәарҭеит Гагратәи алицеи-интернат

Рашәара 22, 1941 шықәсазы, гәҽанҵара ҟамҵакәа, Афашисттә Германиа Асовет Еидгыла иақәлеит. Иалагеит адунеи аҭоурых аҟны зегь раасҭа ишьаарҵәырахаз, 1418 мшы ицоз аибашьра. Ажәҩан, адгьыл, амшын уҳәа афронтқәа зегь рҟны хамеигӡарада азеиԥш ԥсадгьыл рыхьчон аԥсуа солдаҭцәагьы. Анемец фашистцәа ирҿагылеит 55 нызқьҩык инареиҳаны ҳтәыла аҵеицәа, урҭ рахьтә 17 нызқьҩык зыхнымҳәӡеит афронт аҟнытә. Аибашьра адәаҟны иаадырԥшуаз агәаӷьреи, ахаҵреи рзы 22-ҩык Аԥсны атәылауаа ирыхҵан "Асовет Еидгыла Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳаракы.

Гагра араион ахаҭарнакцәа ртәы уҳәозар, 11 677-ҩык хацәеи, ԥҳәыси афронт ахь ицеит, урҭ рахьтә 2 252-ҩык аибашьра рхы ақәырҵеит. Зықьҩык инареиҳаны иранашьоуп аибашьратә орденқәеи амедалқәеи. Иреиҳаӡоу ахьӡ "Асовет Еидгыла Афырхаҵа" иаԥсахеит Гагра араион ахаҭарнакцәа Ражден Барцыц, Иасон Кәакәасқьыр, Арутиун Мелетиан, Мигран Бостанџьиан, Витали Попков иакәзар, ҩынтә ари ахьӡ даԥсахеит.

Аибашьра ашықәсқәа раан афронт ацхыраара арҭон анхацәа зегьы. Дара еизыргон афатә, ажәтә, амаҭәа, капеиқәак змазгьы иреигӡомызт. Гагратәи агоспитальқәа рҿы амедицинатә цхыраара роуит 200 нызқьҩык асолдаҭцәеи, арратә командаҟаҵаҩцәеи.

Ииашоуп, аҳәара уадаҩуп, аха Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа рхыԥхьаӡара есааира имаҷхоит. Сынтәа Аиааира 75 шықәса ахыҵра азгәарҭеит жәҩык. Исгәалашәоит хәышықәса раԥхьа Аиааира шрыдаҳныҳәалаз 43-ҩык аветеранцәа.

Гагра араион анаԥхгара аветеранцәа амедалқәеи аҳамҭақәеи ранаршьеит

Гагратәи арратә комиссариат иҳаднагалаз асиақәа рыла, иахьа зыԥсы ҭаны иҟоу иреиуоуп Гургьен Исраел-иԥа Назариан, Аикарам Дикран-иԥа Манукиан, Константин Самсон-иԥа Миқаа, Анна Уасил-иԥҳа Михаилова, Степан Прохор-иԥа Виаткин, Мариа Филлип-иԥҳа Ломакина, Алексеи Иван-иԥа Красиньков, Алексеи Александр-иԥа Иагупа. Урҭ реиҳараҩык уажәшьҭа агәамбзиара ихҭанакит азы аиара иаӷроуп.

Сынтәа, Аиааира 75 шықәса ахыҵра амш аҽны, акарантин аԥҟарақәа ирықәныҟәаны Гагра араион Ахадара аветеранцәа аӡәаӡәала ирҭааны, рыбзоурала иаагаз Аиааира ду рыдырныҳәалеит, аҳамҭақәагьы ранаршьеит.

Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахаҭаранакра адгыларала имҩаԥгаз акциа хықәкыс иаман Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалаӡыз рхамшҭра, рыхьӡ анаунагӡатәра.

"Егьа аамҭа царгьы, рашәара 22 илахьеиқәҵагоу мшны иаанхоит еиҵагыло абиԥарақәа рзы. Азеиԥш ԥсадгьыл зыхьчози, зыԥсы ахҭнызҵази ргәалашәара ахаан иӡӡом, иара убри ауп изызку еиҿаҳкааз акциагьы. Аԥсуа жәлар рылшамҭа ӷәӷәоуп ари аибашьраҿы. Зықьҩыла рыԥсы ахҭнуп, иҟоуп иахьагьы хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡоугьы. Абарҭ агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа еиҳагьы аԥсадгьыл ахь агәыбылра удыркуеит, уахӡыӡаауа, уахыбаауа уҟарҵоит", - ҳәа азгәалҭоит Аԥсны иҟоу ауаажәларратә еиҿкаара "Аурысцәа рхеилак" ахаҭарнак Ирина Завиалова-Аншба.

© Foto / предоставлено Саидой Жиба"Агәалашәаратә цәашьы" аркын Гагра Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа
Агәалашәаратә цәашьы аркын Гагра Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа - Sputnik Аҧсны
"Агәалашәаратә цәашьы" аркын Гагра Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа

"Агәалашәаратә цәашьы" аркразы Идырым асолдаҭ ибаҟахьы иааиз Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Хачик Минасиан иазгәеиҭеит, ари амш хаҭала иара изы иаҵанакуа шырацәоу. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәын иаб Тиграни, ҩыџьа уи иашьцәа Хачики, Хорени. Дара еибашьуан Севастополь.

"Хачик аибашьрантәи дзыхнымҳәит, уи иаҳаҭыр азы, сара сании саб иашьа ихьӡ сиҭеит. Хорен иакәзар динвалидны дхынҳәит", - инаҵишьит иара.

Акциа "Агәалашәаратә цәашьы" иаҭааит Гагра араион Ахадара, адепутатцәа, "Аурысцәа рхеилак" Гагра ақалақьтә ҟәша ахаҭарнакцәа.

© Foto / предоставлено Саидой Жиба"Агәалашәаратә цәашьы" аркын Гагра Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа
Агәалашәаратә цәашьы аркын Гагра Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа - Sputnik Аҧсны
"Агәалашәаратә цәашьы" аркын Гагра Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа
Ажәабжьқәа зегьы
0