АҞӘА, рашәара 25 – Sputnik. Даҽа 59-ҩык Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус амазааразы агәаҭара иахысит ҳәа адырра ҟанаҵоит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
"Иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус рцәа иалазар агәаҭаразы абиоматериал рымхын 59-ҩык атәылауаа. Адиагноз COVID-19 уаҩы изықәыргылам" - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Иааидкыланы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы рыдбалоуп 38-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 33-ҩык ргәы бзиахеит, ԥшьҩык ахәышәтәырҭа иҭоуп. Акоронавирус зцәа иалаз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>