Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Борис Ачба иаанкылара аҿҳәара аркьаҿит

© Sputnik / Томас ТхайцукВерховный суд Абхазии
Верховный суд Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Ачба мцҳәарыла 20 миллион мааҭ абиуџьеттә ԥарақәа еимиҵәеит адокумент ԥаршеиқәа ихы иархәаны, ишьақәыргылам ахаҿы дицырхырааны.

АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. "Аԥсныавтомҩа" уаанӡатәи ахада Борис Ачба даанкылазаауеит ԥхынгәы 18 рҟынӡа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа аӡбрала ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа ииашоуп ҳәа иазханаҵеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа рашәара 19, 2020 шықәса рзы Ачба иганахь ала иаднакылаз аӡбамҭа.

Весы Фемиды, наручники и судейский молоток - Sputnik Аҧсны
"Аԥсныавтомҩа" аиҳабы ин.н. ҩымз ҳәа даанкылоуп

Убри аан Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ҿҳәарала нанҳәа 18, 2020 шықәсанӡа ахылаԥшра аҵаҟа дааннажьит "Аԥсныавтомҩа" аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Борис Ачба. Ари аӡбамҭа еиҭахәаԥшын иаанкылоу имоу ачымазарақәа ҳасаб рзуны иаанкылара ахьынӡалшо ашьақәыргыларазы амедицинатә шаҳаҭра мҩаԥгазарц азыҳәа аназынашьҭха ашьҭахь.

Борис Ачба Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 16 "Еиҿкаау агәыԥ аԥара рацәаны мцҳәарыла реимҵәара" ахәҭа 4 инақәыршәаны, фышықәса инаркны 12 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара иқәырҵар ҟалоит.

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Ачба мцҳәарыла абиуџьеттә ԥарақәа 20 миллион мааҭ еимиҵәеит адокумент ԥаршеиқәа ихы иархәаны, ишьақәыргылам ахаҿы дицырхырааны.

Борис Ачба 2014 инаркны 2016 шықәсанӡа аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныавтомҩа" ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2016 шықәса инаркны аилахәыра деиҳабын.

1994 шықәса инаркны 2007 шықәсанӡа Аҟәа анхарҭатә усбарҭа деиҳабын, иара убас ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2007 шықәсазы Ачбеи, Аҟәа ақалақь ахада Асҭамыр Адлеибеи, афинансқәа рыҟәша аиҳабы Константин Ҭыжәбеи, анхарҭатә усбарҭа аиҳабы Давид Џьынџьали русура иамхын аҳәынҭқарратә мал еимырҵәеит ҳәа. Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла Борис Ачба ҭакрадатәи ахарахгара иқәҵан.

Борис Ачба акгьы ихарам ҳәа дыԥхьаӡоуп уи ихара шьақәыргыланы азакәантә мчы аиуаанӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0