Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Диаб Чаҭау: Шьамтәылантәи ҳҵәыуо ҳдәықәлазаргьы, Аԥсны ҳахьааиз убриаҟара ҳгәырӷьоит

© Foto / Сырма АшубаДиаб Чаҭау
Диаб Чаҭау - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылантәи иааз Аԥсны инхо ҳџьынџьуаҩ ахаԥыцтә ҳақьым Диаб Чаҭау иҭоурых ажурналист Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы инхо Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа рахьтә иҟоуп зыхьӡ нагоу, иахьиз аҳәынҭқарраҿы зышьҭамҭа нзыжьхьоу ауаа. Урҭ изланхо атәым милаҭ аҟны пату рықәуп, ражәа иазыӡырҩуеит. Шықәсқәак раԥхьа Шьамтәылаҟа сныҟәарақәа раан ирацәаҩуп ус еиԥш сзықәшәаз еиуеиԥшым аусхкқәа знапы рылакыз ауаа. Урҭ рахьтә иҟоуп Аԥсныҟа нхара ҳәа иаақәаз.

Афра Чатау - Sputnik Аҧсны
Шьамтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Афра Чаҭау: Аԥсны ҳаԥшәыманы ҳхы аабоит

Шьамтәыла инхоз, хылҵшьҭрала иедыгьу Диаб Чаҭау (иарабжәла Хадид) ҩыџьа иԥҳацәеи иԥшәмаԥҳәыс Агрԥҳа Ҳанадии шықәсқәак ҵуеит Аԥсныҟа наунагӡа нхара иааижьҭеи. Иара занааҭла ахаԥыц ҳақьым-техникуп. Дамасктәи амедицинатә факультет далгахьеит, акыр шықәса изаанаҭ ала аус иуан Шьамтәыла. Иус ара дахьааизгьы зымҩа инимыжьит, Дранда аҳаблан, ҳџьынџьуаа ахьынхо аҩнеихагыла азааигәара ахаԥыцҟаҵарҭа аартны имоуп.

"Сара Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны санаа, исымбац дгьылк, исзымдыруа ауаа рахь сааит ҳәа смыԥхьаӡаӡеит. Избанзар убас еиԥш ҳрыдыркылеит аҳаиртә баӷәаза ҳанылбаа инаркны иаҳԥылаз ауаа, анаҩсгьы ҳҳәынҭқарра иаҳнаҭаз ахаҵгылара ахә ҳаракны иаҳшьоит. Шьамтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа аӡәырҩы реиԥш, сҭаацәеи сареи ҳзы Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳаблан игылоу аҩнеихагылаҿы ауадақәа ҳарҭеит, ҳанхоит-ҳанҵуеит, ҳауаажәлар ҳрылагылоуп, ҳнапаҟынтә иааиуа ҟаҳҵоит", - иҳәеит Диаб Чаҭау.

Диаб Чаҭау аурысшәа цәгьамкәа иҳәоит, аԥсышәалагьы ажәақәак налаиҵоит. Сҭырџьманҭыԥҳа Хажар Лышәԥҳа илыбзоураны ҳаиҿцәажәара нарҭбааны ихаҳарҭәаауан.

"Сара сҭаацәа Голантәи аҳаракырақәа рҟны Барека ҳәа изышьҭаз ақыҭаҿы инхон. Уаҟа еиҳараҩык инхо адыгақәоуп. Аԥсуаа рацәаҩны иахьынхо қыҭоуп Мумсиа, араб бызшәала иаҳҳәозар, Альгасаниа ҳәа иашьҭоуп. Аԥсуааи адыгақәеи ҭоурыхк, культурак ҳаиднакылоит. Шьамтәыла инхо Кавказаа ҳахьеизоз акультуратә центрқәа ҳаман, ҳбызшәа мыӡразы ашколқәа аус руан, ҳҿар рқьабзқәа ирықәныҟәаларц хықәкыс иҟаҵаны аҭоурыхтә ҵакы змаз аусқәа еиҿаҳкаауан. Аха Шьамтәыла излагаз аибашьра ҩаԥхьа ҳԥыххааса ҳақәнаҵеит", - иҳәеит Диаб Чаҭау.

Абар уажәшьҭа жәшықәса инарзынаԥшуеит Диаб Чаҭау Аԥсны иԥсҭазаара мҩасуеижьҭеи. Иԥҳацәа ракәзар еизҳаит, иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгахьеит. Руаӡәк, Алаа захьӡу, ааигәа аҭаацәара далалеит, лыԥшәма Нарҭ Ҳабашь (иарабжәла Саид) Шьамтәылантәи иааз едыгьуп, рҩыџьагьы араҟа аус руеит. Егьи иԥҳа Афра афилологиатә факультет англыз бызшәа аҟәша далгахьеит, лҵара аизырҳаразы Катартәи аҳәынтқарраҿы амагистратура дҭалеит, ари аус аҟны Аԥсны аҳәынҭқаара адгылара лнаҭеит. Ҩышықәса рнаҩс, лҵара аныхлыркәшалак, Аԥсныҟа деиҭахынҳәуеит. Абас ихшара дрызгәыдууны рыӡбахә ҳзеиҭеиҳәеит раб.

Омар Хагәышь - Sputnik Аҧсны
Омар Хагəышь: Аԥсныҟа саара – илабҿабахаз аԥхыӡ исзаҩызахеит

Диаб Чаҭау Аԥсны даара тәыла ԥшӡоуп иҳәоит, аха иҭацәу адгьылқәа рацәоуп, иҭахуп ауаа рыла ихаҭәааны иҟазарц.

"Сара даара сгәы аздууп Аԥсныдгьыл аҿы сахьынхо, Аԥсны атәылауаҩшәҟәы ахьсымоу акыр сеигәырӷьоит, сара сзы уи ҭоурыхтә хҭысны сахәаԥшуеит. Ҳарҭ Кавказ ажәларқәа ҳзықәшәахьоу шьарда ирацәоуп, адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҿы шаҟаџьара ҳалаԥсоу жәдыруеит. Ҳахьыҟазаалакгьы, ҳазланхо атәымжәлар пату ҳақәырҵоит, избанзар, зегь раԥхьа иргыланы, ҳагәра ргоит, ауаҩы дшаҳамҭиуа рдыруеит", - ҳәа азгәеиҭеит Диаб Чаҭау.

Шьамтәыла инхо Кавказаа, еснагь рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рхы хан, аха ус имариамызт рыгәҭакы анагӡара. Уи ус шакәу азгәарҭоит хаҭала сара сзыҿцәажәахьоу зегьы. Ахҵәара ажәа аҵакы ӷәӷәоуп, убас еиԥш ихьанҭоуп ахырҵәарагьы. Аха ауаҩытәыҩса дзықәшәо зегьы ихы анираалар ауп, уаҳа имч хом ҳазшаз иҿаԥхьа.

Ҭамер Ешба - Sputnik Аҧсны
Ҭамер Ешба: ҳахдырра аныҟала, ҳзыцәхьаҵуа аус ҳаԥхьа ишьҭалаӡом

"Сара сабду иаб 11 шықәса ракәын ихыҵуаз Нхыҵ-Кавказынтә иԥсадгьыл данахгаз, ари ахҭыс ҟалеит 1860 шықәса рзы. Убри инаркны атәым дгьыл аҿы имҩасуан рыԥсҭазаара, рхылҵ-рԥылҵ Анцәа иџьшьаны ҳдацқәа рыԥсы аҭаҵара ҳҽазаҳшәоит ҳџьынџь дгьылқәа рҿы. Дара гәыҵхас ирымаз ҳара инаҳагӡарц ҳашьҭоуп, аамҭақәагьы есааира рҽырыԥсахуеит. Араб культура зынӡа даҽа культуроуп, ҳара ҳҵасқәа реиԥш иаартым, иаркуп", - дҳацәажәон Диаб Чаҭау.

Диаб Чаҭау игәы иаланы иҳәон абызшәазы ԥынгыла имамзар еиҭеиҳәашаз акыр ишырацәаз. Кавказаа рҭоурых, рлахьынҵа ашәҟәыбӷьыцқәа иагьрынӡалом. Ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭазы Аԥсны дызлатәылауаҩу ала ипаспорт аацәырганы иаҳирбеит, иажәаҳәагьы инациҵеит: "Шьамтәылантәи арахь ҳанаауаз ҳҵәыуо амҩа ҳақәлеит, Аԥсны ҳахьааиз убриаҟараҵәҟьагьы ҳгәырӷьоит, избанзар ԥшәымацәаҵас ҳхы ҳбоит, уи зыбзоуроу шьак-дак еицалҵыз ҳауаажәлар шәоуп", - абас еиԥш ихәыцрақәа ҳацеиҩишеит Диаб Чаҭау.

Диаб Чаҭау иԥҳацәеи сареи ҳшеибадыруаз аниасҳәа, иаразнак Аԥсны иҟаз Афра аҭел дылзасит, илеиҳәеит сышрысасыз. Лара аусура дыҟан, илҭаххеит ҳаибабарц, аха уи даҽа аамҭак азалаҳхит, уи аҽны иҵегьы сызҭаашаз аҭаацәарақәа ыҟан, урҭ рахь сымҩахыҵыр акәын. Анаҩстәи сныҟәарақәа рылҵшәа шәеилсыркаауеит егьырҭ санҵамҭақәа рҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0