Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Анна Иаланчиди: сызланагалаз абаза ҭаацәара рҵасқәа ишахәҭоу рныҟәгара сҽазысшәоит

© Foto / Сырма Ашуба Анна Иаланчиди
Анна Иаланчиди - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абырзен ҭыԥҳа Анна Иаланчиди, заб Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз, зыԥсҭазаара абаза аамысҭахылҵшьҭрақәа Лоуаа рҭаацәара иадызҳәалаз лҭоурых ҳадылгалоит Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Анна Иаланчиди милаҭла бырзен ҭыԥҳауп, диит, аҵарагьы лҵеит Аԥсынтәыла, аҭаацәара далалаанӡа дынхон Афон ҿыц. Излеилкахаз ала, лара лаб Владимир Илиа-иԥа Иаланчиди Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Марттәи ажәылараҿы дҭахеит. Усҟан Анна лашьеи лареи зынӡа имаҷқәан.

Муҳаммед-Иасер Чқәуа иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
Муҳаммед-Иасер Чқәуа: насыԥуп сыхшара рыԥсадгьыл аҿы аԥсуа бызшәа ахьраҳауа

"Сара саб аибашьраҿы данҭахоз хәышықәсеи бжаки ракәын исхыҵуаз, сашьеиҵбы мызкгьы ихымҵӡацызт. Сашьа диит февраль 25 рзы, ҳара ҳаб март 16 рзы дҭахеит. Саб зныкгьы дизымбацызт иԥа, ус илахьынҵахеит, исаби ила аҭаԥшра иаӡаанӡа иԥсҭазаара далҵит. Саб ицеибашьуаз иҩызцәа еснагь иарҳәон, знык иадымхаргьы аҩныҟа дааны иԥа дибарц, аха амца шыра далҵны даауамызт, иҩызцәа дрыцын, деибашьуан. "Аҟәа ақалақь ҭаҳарцәаанӡа џьаргьы сцаӡом" ҳәа мап икуан", - абас иалагеит Аннеи сареи ҳаиҿцәажәара.

Аибашьра анцоз аамҭазы Анна лани, лашьеи, лареи Москва иҟан. Уахь идәықәырҵеит Гагра ақалақь ахы ианақәиҭтәха ашьҭахь. Анна излалҳәо ала, аибашьра анцоз ишыхәыҷқәазгьы, уи ахыԥша усгьы ирнымԥшырц залымшеит, иуадаҩуп хымԥада абыда аизҳара.

"Сара саб ицәгьамкәа дысгәалашәоит. Избанзар, Гагра ақалақь ахы иақәиҭыртәаанӡа ҳара зегьы Афон ҿыц ҳаҟан. Анаҩс ауп Шәачаҟа ҳандәықәырҵа, уантәи Москваҟа ҳауацәа рахь ҳрышьҭит, аибашьра ашьҭахь абҵарамзанӡа уа ҳаҟан, нас Аԥсныҟа ҳааит. Аибашьцәа ргәалашәаларц, рыхьӡ мыӡырц сҭахуп. Саб иҟамзаара сахьалацәажәо акыр исцәыуадаҩуп…" - лылаӷырӡқәа лгәаҵа иҭаԥсо дҳацәажәон хҩык ахшара ран.

Дальаль Цвижба - Sputnik Аҧсны
Дальаль Ҵәыџьба: cҵаҩцәа иахьагьы среиԥхыӡуеит, аҿар аԥеиԥш бзиа рымазарц сҭахуп

Аибашьра атема еиҳа-еиҳа дагәыланахалон Анна. Исзеиҭалҳәеит акыр ихьааны исыдыскылаз ҭаха лызымҭоз лаб иҭахашьа шыҟалаз атәы.

"Ҩыза бзиак диман саб, иара доурысын, акыр даун. Гәымсҭа имҩаԥысуаз ажәылараҿы ахәра иоуит, сабгьы дишьҭаланы дцеит, ҩынтә изихымгаз ахәрақәа иоуит. Афон-Ешыратәи абаталион иалахәыз Марттәи ажәылараҿы иҭахаз аибашьцәа Ачадара ҩнык аҟны инхоз аерман, ахқәа шихыҟьҟьоз, ҳаӷацәа аԥсыбаҩқәа рымблырц, аиакәым рзаарымгарц анышә иамеидеит. Ажәылара мышкы шагыз ақырҭқәа агәабанқәеи абылтәи рыманы иаазап, "аӡә данаҳба даанҳажьуам, дыццышәшәны даҳгоит ҳәа", - лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшон Анна.

Даара иуадаҩыз аҭагылазаашьаҿы аерман хаҵа илиршеит Анна лаб иҩызцәеи иареи рыԥсыбаҩқәа рыхьчара. Аибашьра анеилга ашьҭахь, Анна лаб иԥсыбаҩ Афон ҿыц ауахәама азааигәара анышә иамардеит, уаҟа Афон-Ешыратәи абаталион иалаз арԥарцәа рызқәаҭыԥ ыҟоуп.

Зхәыҷра ашықәсқәа гәырҩалеи хьаалеи иҭәыз Анна Иаланчиди дшыхәыҷыз аԥсҭазаара акыр даӡрыжәит, лаб иҟамзаара хымԥада илныԥшуан. Аха досу лахьынҵак лахьынҵак имоуп, ус лԥеиԥшзар акәхарын. Абарҭқәа зегьы дыриааины лара илыллыршеит аҭаацәара аԥҵара, анра аныҟәгара, анасыԥ лаша адунеи ашҟа анеира. Лыԥшәма Ҟарачы-Черқьесскынтәи Аԥсныҟа нхара иааз ҳашьцәа абазақәа дреиуоуп, Лоуаа дырхылҵшьҭроуп.

"Сыԥшәма иабшьҭра Красныи Восток иҟоу абаза қыҭа ду аҟынтә иаауеит. Иара ихаҭа Первомаиское ақыҭаҿы дынхон. Уаҟа абжьаратә школ даналга, Аԥсныҟа дааит, ара амилициа рышкол аҟны аҵара иҵон. Ҳазҭагылоу аамҭазы иара изанааҭ ала аус иуӡом. Абар, уажәшьҭа быжьшықәса ҵуеит Аҟәа ақалақь администрациа иатәу аргылараҿы дыҟоуижьҭеи. Раԥхьаӡа акәны аҳәаанырцәынтәи Аԥсныҟа иааз аԥсуааи сареи ҳаибадырит сусураҿы, Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы избеит, аныҟәарақәа анырзымҩаԥызгоз", - лҳәеит ҳзыҿцәажәоз абырзен ҭыԥҳа.

Анна Иаланчиди дазгәыдууны иазгәалҭеит, ҷыдала аҳәаанырцәынтәи Аԥсныҟа нхара иааз ҳџьынџьуааи лареи Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳаблаҿы ҩнык аҟны ишеицынхо, ишеигәылацәоу.

"Уара уахьааӡаз уҩны, уахьиз атәыла, хымԥада иузгәакьоуп. Ахҵәара иадҳәалоу угәы змырҭынчуа азҵаарақәа ыҟоуп. Шьамтәылантәи, Ҭырқәтәылантәи уҳәа зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз аԥсуааи сареи ҳахьеибадыруа, хыбрак ҳахьеиднакыло сеигәырӷьоит. Абызшәа ззымдыруа ыҟазаргьы, ҳаилибакаауеит, ҳаишьцылеит, аԥсшәа ҳзеилоуп",-лҳәеит Анна Иаланчиди.

© Foto / Сырма Ашуба Анна Иаланчиди
Анна Иаланчиди: сызланагалаз абаза ҭаацәара рҵасқәа ишахәҭоу рныҟәгара сҽазысшәоит - Sputnik Аҧсны
Анна Иаланчиди

Анна Иаланчиди занааҭла декономиступ, ҳасабеилыргаҩуп, аха 2008 шықәса раахыс аԥсшьаҩцәа рзы аекскурсиақәа мҩаԥылгоит. Лусура аныҟәгареи, лыҩны абареи, лҭаацәа рымаҵ ауреи еилалыгӡоит, хҩык ахшара лымоуп, ԥҳаки ҩыџьа аԥацәеи.

"Сыԥҳа аиҳабы Самира ахԥатәи акласс аҿы дтәоуп, сыҷкәын Амир актәи акласс аҿы аҵара иҵоит, ахԥатәи Саид макьана дхәыҷуп. Ҳарҭ зегьы жәларык ҳауп, амилаҭ еилых-еилаҵа ҳамаӡам. Сара милаҭла саԥсыуаӡам, аха Аԥсны сиит, сааӡеит, бзиа избоит. Амҳаџьырра иагаз ажәларгьы хатәгәаԥхарала имцаӡеит, ус аҭагылазаашьа иақәшәазар акәхап. Сара издыруеит Кавказ ажәларқәа аӡәырҩы атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны ишынхо. Уажәааигәа Иорданиантәи иааз аԥсыуак дызбон, иажәақәа акыр схырхит, шаҟа ихьааганы Аԥсны аӡбахә далацәажәоз, рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра уалԥшьаны ирыдыркылоит зыԥсадгьыл иаҟәыгоу адиаспора", - лҳәеит Анна Иаланчиди.

Абаза ҭаацәараҿы жәашықәса раахыс ҭацара зуа абырзен ҭыԥҳа Анна Иаланчиди ҳаиҿцәажәараҟны иазгәалҭеит дызланагалаз аҭаацәа иаразнак ргәыбылра шылкыз, ларгьы рыԥҳа леиԥш дышрыдыркылаз.

"Ааи, ҳҵасқәа ахьеиԥшым ыҟоуп, ҳара ҳҟны аасҭа ара аныҟәгара еиҳа иӷәӷәоуп, аха уи уадаҩрас исзымааиӡеит, исҭахны иныҟәызгоит изласылшо ала. Иаҳҳәозар, анхәеи абхәеи рызнеишьа, исарҳәеит срацәажәар шыҟамлоз, саргьы ҿымҭкәа сгылан, иахьраҳауаз сыбжьы ҭыганы сцәажәомызт. Уажәы, иҟалап аҿар уиаҟара иазгәарымҭозар, аха иузныҟәгар, иԥшӡоуп, абасала аҵасқәа сыдыскылеит. Сыԥшәма ижәла Лоу ауп, аамсҭахылҵшьҭроуп, абазақәа рыжәлаҿы ираԥхьатәиу ажәлақәа ируакуп. Сызланагалаз аҭаацәа рҿаԥхьа исыду аҭакԥхықәра рацәоуп, ишахәҭоу аныҟәгара сҽазысшәоит",- лҳәеит абырзен ҭыԥҳа Анна Иаланчиди.

Ииашаҵәҟьаны, Анна Иаланчиди аҩнашә аартны данаасԥыла, сшылзымдыруазгьы, ачча лҿықәыхх аԥсшәа насалҳәеит, уи хымԥада саргьы сатәнатәит. Илышьҭаххы ашә иаалагылаз ахәыҷқәа ракәзар, ргәыкра иаразнак уатәнамтәырц залшомызт. Ҳаиҿцәажәара цонаҵы ахәыҷқәа рыла ҭырхаха иҳахәаԥшуан, рыбжьгьы дмыргеит, акыр иџьасшьеит. "Аиҳабацәа анцәажәо ирԥырхагахар шыҟамло рдыруеит", - лҳәеит Анна даасыхәыԥшын. Анаҩс, ажәеи ахәмарреи дара иртәын.

Абасала, Лоуаа рҭаацәа Аԥсны рхы-ргәы иақәгәырӷьо инхоит, насыԥ наӡа рымазааит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0