Иԥсҭазаара далҵит Атәылахьчара аминистрра арратә госпиталь аҳақьым хада Зураб Ачба

© Sputnik / Роберт ДжопуаЗураб Ачба
Зураб Ачба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зураб Ачба Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпиталь хада аҳақьым хадас аус иуан 2010 шықәса раахыс.

АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпиталь хада аҳақьым хада иԥсҭазаара далҵит асабша, рашәара 27 рзы, абри атәы аанацҳаит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Иҟоу адыррақәа рыла, Ачба дшыцәаз игәы аангылеит.

Зураб Ачба диит 1965 шықәсазы Очамчыра ақалақь аҟны, 1989 шықәсазы далгеит Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә медицинатә институт ахәышәтәратә факультет.

1992 - 1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра даветеранын.

1993 - 1998 шықәсқәа рзы Красноиарск ақалақь аҟны Амедицинатә цхыраара ласы ахәышәтәырҭа аԥҟарҭа аҟәша аординаторс дыҟан. 1998 - 2010 шықәсқәа рзы Гәылрыԥшь араион аҳақьым хадас, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпиталь хада ахәышәтәратә ҟәша анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 2010 шықәсазы агоспиталь ҳақьым хадас дахагылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0