Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дочиа еиҭеиҳәеит аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахразы Тҟәарчал ашәҟәқәа шалырҵо

© Foto / пресс-служба президента АбхазииДочиа еиҭеиҳәеит аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахразы Тҟәарчал ашәҟәқәа шалырҵочия.
Дочиа еиҭеиҳәеит аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахразы Тҟәарчал ашәҟәқәа шалырҵочия.  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәы аиуразы адокументқәа Тҟәарчал иалоуҵар шалдыршаз арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа.

 

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Дочиа аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәқәа рызы абжьгарҭа Тҟәарчал аартразы

"Тҟәарчал атәанчаҩцәа рацәаны инхоит, Аҟәа ицаны агәаран ақәгылара рцәыуадаҩуп аҟынтә, Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсул ҳиацәажәарц ҳаӡбеит анкьа ишыҟаз еиԥш ара ақалақь аҟны ашәҟәқәа еизырго, ирыдыркыло иҟаларц, анаҩс атәылауаҩшәҟәқәа Аҟәа ироуларц. Аҳәынҭқарра ахада сиазҵааит ари азҵаара аӡбара ҳзалыршозар ҳәа. Ашьҭахь Аҟәа ашәҟәқәа ахьрыдыркыло аконсультациатә ҟәшаҟынтәи адырра ҳарҭеит. Ари ҳара ҳзы даара ихадоуп, администрациа ахыбраҟны аурысцәа рхеилак ахьыҟоу ауадаҟны, уаанӡагьы уа ашәҟәқәа рыдыркылон, убра ашәҟәқәа аларҵалар ҟалоит. Иааиуа асабша (ԥхынгәы 4 рзы - аред.) иаараны иҟоуп (атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахразы адокументқәа здызкыло ауаа – аред), нас ҳахәаԥшуеит ҩымчыбжьа рахь знык ашәҟәқәа рыдкылара азхо, ишыҟало", - иҳәеит Дочиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0