Урыстәыла Аконституциа аиҭакрақәа ралагаразы Аԥсны абжьыҭара шцо

Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа ралагаларазы Аԥсны абжьыҭара иаҿуп. Атәылаҿы иаартуп алхырҭатә ҭыԥк - Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы. Абжьыҭара иалагеит ашьыжь, асааҭ ааба рзы, уи аамҭазы ауаа маҷҩымкәа еизахьан.

Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо, мамзаргьы аамҭала Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа рыбжьы арҭар ҟалоит Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы асааҭ 20:00 рҟынӡа.

Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа ралагаларазы абжьыҭара иаҿуп алхырҭатә ҭыԥ №8000 ахьаарту Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҿы.

Алхыҩцәа ацҳаражәҳәарҭа агәашә иадеизалахьан асааҭ ааба ҟалаанӡагьы.

Раԥхьаӡа зыбжьы азҭаз дыруаӡәкуп Очамчыра араион аҿы инхо Арминак Маделиан, иара шьыжьна ы Аҟәаҟа дааит, асааҭ быжьба раахижьҭеи агәаран дықәгылан.

"Хымԥада абжьыҭара аҭахуп, аԥсҭазаара бзиа ҟаларц азы, ԥхьаҟатәи ҳабиԥарақәа ҳара ҳаҵкыс еиӷьны инхарц азы", - иҳәеит иара.

Алхыҩцәа ражәақәа рыла, рыбжьы арҭаанӡа дара зны иҭырҵааит Аконституциахь иаларгаларц ргәы иҭоу аиҭакрақәа.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны рыбжьы арҭар ҟалоит ԥхынгәы 1 асааҭ 20:00 рҟынӡа.

Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа ралагаларазы аҩаша, рашәара 30 рзы заанаҵ рыбжьы арҭеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб.

Заанаҵ иара убас рыбжьы арҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база аруааи атәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0