Урыстәыла Аконституциа ариашарақәа ралагаларазы Аԥсны 1300-ҩык реиҳа рыбжьы арҭахьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукУрыстәыла Аконституциа ариашарақәа ралагаларазы Аԥсны 1300-ҩык реиҳа рыбжьы арҭахьеит
Урыстәыла Аконституциа ариашарақәа ралагаларазы Аԥсны 1300-ҩык реиҳа рыбжьы арҭахьеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аконституциа ариашарақәа ралагаларазы абжьыҭарахь инеиуа ауаа рхыԥхьаӡара 60% иахысит, ариашарақәа рзы зыбжьы азҭаз 72,92% ыҟоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәыла Аконституциа ариашарақәа ралагаларазы Аԥсны 1300-ҩык инареиҳаны рыбжьы арҭахьан асааҭ 14:00 рзы ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Максим Литвинов.

Литвинов иазгәеиҭеит ауаа ргәалаҟара шыбзиоу.

"Ҳәарада адәаҿы, амцашоураха ауаа ааԥсеит, аха иҳалшо ҟаҳҵоит иахьынӡауа ирласны иҳадаҳкылаларц. Аамҭакала быжь-биуллитенк иреиҳаны иҳазрыҭом, аҭагылазаашьа ашәарҭадара иаҿырԥшны, дара абри аҩыза аус азы иҳачҳар ҳалшоит шырҳәогьы", - иҳәеит иара.

Абжьгаҩ иазгәеиҭеит абжьыҭара апроцедураан акоронавирустә инфекциа аҽацәыхьчаразы иахәҭоу зегь шымҩаԥгоу – алхыҩцәа ирырҭоит асабрадақәа, анапҭарԥақәа, аҩыгақәа, рнапқәа дырзҩыдоит.

Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо, мамзаргьы аамҭала Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа рыбжьы арҭар ҟалоит Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы асааҭ 20:00 рҟынӡа.

Урыстәыла Аконституциа аиҭакрақәа ралагаразы Аԥсны абжьыҭара шцо - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Аконституциа аиҭакрақәа ралагаразы Аԥсны абжьыҭара шцо

Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа ралагаларазы аҩаша, рашәара 30 рзы заанаҵ рыбжьы арҭеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб.

Заанаҵ иара убас рыбжьы арҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база аруааи атәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи.

Атәыла Аконституциахь ариашарақәа ралагалара иаԥшьгамҭоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин. Иара абри атәы рылеиҳәеит 2020 шықәса ажьырныҳәа 15 рзы Афедералтә еизарахь есышықәсатәи инашьҭымҭаҿы.

Азакәан хада аԥсахрақәа рзырхоуп атәыла ахада, аиҳабыра рлахәылацәа, аҳәынҭқарратә чынуаа рҭахрақәа, аҳәынҭқарра атәылауаа рҿаԥхьа асоциалтә гарантиақәа рырӷәӷәара, апарламент азинмчра аԥсахра, ишьақәнаргылоит аурыс бызшәа астатус. Уи адагьы ариашарақәа иалдыршоит аус зуа ахада еиҭахгьы абри аҭыԥ ахь 2024 шықәса рзы кандидатс ихықәыргылара. Аконституциахь ариашарақәа ахада урыстәылазегьтәи абжьыҭарахь иқәиргылеит.

Президент Абхазии проголосовал по поправкам в Конституцию России - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Урыстәыла Аконституциа ариашарақәа ралагаларазы ибжьы иҭиит

Аконституциахь ариашарақәа ралагаларазы абжьыҭара мҩаԥысраны иҟан мшаԥы 22 рзы, аха атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны арыцхә ԥхынгәы 1 ахь ииаган.

Аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны Урыстәыла атәылауаа ироуеит алшара мышкы ахы-аҵыхәала акәымкәа, мышқәак инеиужьны абжьыҭара. Иҟоу ашәарҭарақәа раԥырҟәҟәааразы абжьыҭара иалагеит рашәара 25 инаркны.

Раԥхьатәи хәымш рыҩнуҵҟа рыбжьы арҭахьеит 49,6 миллионҩык, убри ала ауаа рнеира ишьақәнартәахьеит 45,7%.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Владимир Путин Аконституциахь ариашарақәа ралагаларазы ибжьы аиҭеит

Ажәабжьқәа зегьы
0