Владимир Путин Аконституциахь ариашарақәа ралагаларазы ибжьы аиҭеит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВладимир Путин Аконституциахь ариашарақәа ралагаларазы ибжьы аиҭеит
Владимир Путин Аконституциахь ариашарақәа ралагаларазы ибжьы аиҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконституциахь ариашарақәа ралагаларазы абжьыҭара мҩаԥысраны иҟан мшаԥы 22 рзы, аха атәылаҿ аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны арыцхә ԥхынгәы 1 ахь ииаган.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциахь ариашарақәа ралагаларазы ибжьы аиҭеит.

Урыстәыла ахада ибжьы аиҭеит еиуеиԥшым абжьыҭарақәа раан дахьнеилац Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿ иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №2151 аҿы.

Аԥсны абжьыҭара хацыркын асааҭ 08:00 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы.

Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо, мамзаргьы аамҭала Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа рыбжьы арҭар ҟалоит Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы асааҭ 20:00 рҟынӡа.

Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа ралагаларазы аҩаша, рашәара 30 рзы заанаҵ рыбжьы арҭеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб.

Аԥсны иалагеит Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа рзы абжьыҭара - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иалагеит Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа рзы абжьыҭара

Заанаҵ иара убас рыбжьы арҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база аруааи атәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәеи.

Атәыла Аконституциахь ариашарақәа ралагалара иаԥшьгамҭоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин. Иара абри атәы рылеиҳәеит 2020 шықәса ажьырныҳәа 15 рзы Афедералтә еизарахь есышықәсатәи инашьҭымҭаҿы.

Азакәан хада аԥсахрақәа рзырхоуп атәыла ахада, аиҳабыра рлахәылацәа, аҳәынҭқарратә чынуаа рҭахрақәа, аҳәынҭқарра атәылауаа рҿаԥхьа асоциалтә гарантиақәа рырӷәӷәара, апарламент азинмчра аԥсахра, ишьақәнаргылоит аурыс бызшәа астатус. Уи адагьы ариашарақәа иалдыршоит аус зуа ахада еиҭахгьы абри аҭыԥ ахь 2024 шықәса рзы кандидатс ихықәыргылара. Аконституциахь ариашарақәа ахада урыстәылазегьтәи абжьыҭарахь иқәиргылеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0