00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аҟәа иаарту аӡаҟны аӡсаразы аицлабрақәа мҩаԥыргараны иҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа иаарту аӡаҟны аӡсаразы аицлабрақәа мҩаԥыргараны иҟоуп
Аҟәа иаарту аӡаҟны аӡсаразы аицлабрақәа мҩаԥыргараны иҟоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хышықәса рыҩнуҵҟа Аҟәа амшын аҿы аӡсаразы аицлабрақәа мҩаԥыргоит. Дара ирылахәхар ҟалоит адуцәагьы, ахәыҷқәагьы. Ииасыз аԥхынразы имҩаԥысуаз аицлабрақәа ирылахәын 150-ҩык.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik, Ренат Ԥачалиа. Адуцәеи ахәыҷқәеи рыбжьара есышықәсатәи аӡсаразы аицлабрақәа мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, нанҳәа 8 рзы ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы адепартамент апресс-маҵзура.

Адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа илҳәеит аицлабра шымҩаԥгахо аплиаж "Мокко" аҵакыраҿы нанҳәа 8 рзы. Ари раԥхьатәи массатә уснагӡатәуп акарантин ашьҭахь. Ашәҟәҭагалара иалагоит асааҭ 8:00 рзы, аицлабрақәа - 9:00 рзы.

"Адистанциақәа ҩба азԥхьагәаҭоуп. Актәи "SwimSukhum" - ахәыҷқәа рзоуп, 50 - 100 метра инаӡоит. Аҩбатәи "SwimRun" - адуцәа рзоуп, 500 - 1000 метра иҟоуп. Иҟоуп еиҳа ируадаҩу, аӡсареи аҩреи ахьеилагӡатәу адистанциагьы", - ҳәа еиҭалҳәоит Кәыҵниаԥҳа.

Сынтәа апандемиа иахҟьаны аицлабра ҟамлар ауан. Адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ лажәақәа рыла, ApsnySport-и аилахәыра "А-Мобаили" ҭабуп ҳәа раҳәатәуп ауснагӡатә ахьеиҿыркааз азы. Асеиԥш иҟоу аусқәа атәылаҿы хәыҷгьы-дугьы аспорт аинтерес днаркуеит.

"Иацы ApsnySport асаит аҟны алшара ыҟан аицлабра алахәхараз азыҳәа анашьҭразы. Уажәнатә 30-ҩык рыҽҭарыҩхьеит. Уи агәахәара ҳнаҭоит. Уаанӡатәи ахыԥхьаӡаратә рекорд ҳаиааип ҳәа ҳгәыӷуеит", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Алахәылацәеи ахәаԥшцәеи рзы аплиаж "Мокко" аҿы агәмырҿыӷьратә программа еиҿкаахоит. Иаиааиуа амедалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0