Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара, аира, аԥсра арбагақәа: Аҳәынҭстатистика 2019 шықәсазтәи аҳасабырба

CC0 / / Роддом
Роддом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә статистика ԥхынгәы 10 рзы 2019 шықәсазтәи адыррақәа цәырнагеит атәыла ауааԥсыра рзеиԥш хыԥхьаӡара, аиреи аԥсреи рырбагақәа, иара убас аус зуа шаҟаҩ ыҟоу уҳәа ирызкны.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра рзеиԥш хыԥхьаӡара 2020 шықәса ажьырныҳәа 1 инақәыршәаны иартәоит 245 424-ҩык ауааԥсыра, уи 0,9% рыла еиҳауп 2015 шықәсазтәи адыррақәа раасҭа, 12,8% рыла - 2003 шықәсазтәи адыррақәа раасҭа, абарҭ рҩызцәа адыррақәа цәыргоуп Аҳәынҭқарратә статистика асаит аҟны.

Атәылауаа рыбжеиҳарак 2019 шықәсазы инхон ақалақьқәа рҿы, Аҟәа инхо рхыԥхьаӡара акәзар, уи ауааԥсыра рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 27% артәеит. Ҵыԥх Аԥсны инхон ҳәа азгәаҭоуп 115 139-ҩык ахацәеи 130 285-ҩык аҳәсеи.

Араионқәа зегь рахьтә Гагра араион реиҳа зқәынхо ауп, уа 2020 шықәса алагамҭазы ишынхо азгәаҭоуп 39 нызқьҩык инареиҳаны. Аҩбатәи аҭыԥ аҟны игылоуп Гәдоуҭа араион, уа инхоит 38 нызқьи бжаки инархыҳәҳәо, ахԥатәи аҭыԥ аҿы - Гал араион, зыӡбахә ҳәоу аамҭазы уа инхон 30 268-ҩык ауааԥсыра. Зегь реиҳа имаҷны иахьынхо ҳәа иазгәаҭоуп Аҟәа араион - 11 нызқьи бжаки рҟынӡа ауааԥсыра.

Ажьырныҳәа 1, 2020 шықәсазтәи аҭагылазаашьала атәыла ауааԥсыра рахьтә 51% маҷк инацны иаԥсыуаауп, 17,7% - ақырҭцәа, 17,06% - аерманцәа. Аԥшьбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп аурысцәа, урҭ 9,15% ыҟоуп, ахәбатәи аҭыԥ аҿы агырцәа - 1,33 %. Аԥсны инхо амилаҭқәа рахьтә хыԥхьаӡарала зегь реиҳа имаҷуп абелорусцәа - 269-ҩык, иара убас ацыганцәа – 290-ҩык.

2014 - 2019 шықәсқәа рзы Аԥсны иит 10 нызқьи 114-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 8 нызқьи 370-ҩык. Аҵыхәтәантәи хәышықәса рыҩнуҵҟа ауааԥсыра реизҳара иартәеит 1 744-ҩык ауаа. Аизҳара реиҳа ианацыз 2014 шықәса рзоуп, усҟан аиреи аԥсреи рырбагақәа ирыбжьаз 537-ҩык ыҟан, реиҳа ианмаҷыз - 2019 шықәсазы. Усҟан Аԥсны иит 34-ҩык рыла еиҳаны иԥсыз раасҭа.

Кама Гогия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гогьиаԥҳа: еиҭалҳәеит мызктәи ауаҩы иԥсымшьҭыга абиуџьет шышьақәдыргыло

Аофициалтә дыррақәа рыла, 2019 шықәсазы аус зуа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара иартәеит 42 нызқьи 188-ҩык, уи 89-ҩык рыла еиҵоуп 2015 шықәсазы иҟаз аасҭа, 639-ҩык рыла 2018 шықәсазы аасҭа. Аус зуа реиҳараҩык - 18 нызқьҩык инарзынаԥшуа - "анапхгараҭара" аусхк рнапы алакуп, аҩбатәи аҭыԥ аҟны "ауаа рымаҵ аура иадҳәалоу аусхк гылоуп, уа аус руеит 9 нызқьи бжаки инарзынаԥшуа ауааԥсыра, ахԥатәи аҭыԥ ааннакылоит "акурорти атуризми" русхк – х-нызқьҩык раҟара уи рнапы алакуп.

2019 шықәсазы ахәаахәҭра рнапы алакын 2 нызқьи 301, ааглыхра аусхк аҟны аус руан 2 нызқьи 41.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0