Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аԥсуа ҿартә театр аҽазнархиоит аспектакль "Амра аҭашәамҭаз" аԥхьарбара

© Sputnik / Томас ТхайцукЗрители
Зрители - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Артур Лоурентс ипиеса "Вестсайдская история" амотивқәа ирылху аспектакль "Амра аҭашәамҭаз" арбара азыԥхьагәаҭан лаҵарамзазы. Аха авирус иахҟьаны иҟаз аԥкырақәа рымшала иахыган.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа ҿартә театр аҽазнархиоит аспектакль  "Амра аҭашәамҭаз" аԥхьарбара. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит атеатр адиректор Аслан Енықь.

Аслан Еник - Sputnik Аҧсны
Арадио
Еныкь Аҿар ртеатр ақәыргыламҭа ҿыц "Амра анҭашәалак" азы: ҳамчқәа зегьы еидкыланы ҳаҿуп

Аспектакль ықәлыргылоит Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениаԥҳа.

"Есма раԥхьаӡа акәны аспектакль ықәлыргылеит. Уаанӡа лара ацхыраара ҟалҵон амизансценақәа, ахореографиақәа рықәыргылараан. Лара ибзианы ҳактиорцәа лдыруеит, илдыруеит рылшарақәа. Лара лхаҭа атеатртә ҭаацәара дрыллиааит. Лан –Софа Агәмааԥҳа деицырдыруеит", - иҳәеит Енықь.

Есма иқәлыргылоит Артур Лоурентс ипиеса "Вестсайдская история" амотивқәа ирылху аспектакль. Енықь ишиҳәо ала, апиеса ахьӡ рыԥсахит.

"Арежиссер азин имоуп ахьӡ аԥсахразы. Ҳара иҳаӡбеит "Амра аҭашәамҭаз" ҳәа ахьӡаҳҵарц. Аспектакль аҿы ахҭысқәа амра анҭашәо имҩаԥысуеит", - иҳәеит атеатр адиректор.

Аспектакль иалахәхоит Аԥсны ААУ актиортә ҟазара аҟәша аушьҭымҭацәа. Урҭ ароль хадақәа ранашьоуп.

Аспектакль аус адулара ахыркәшарахь инеиуеит. Амизансценақәа хиоуп, ихиоуп адекорациақәа, ацәамаҭәа. Акызаҵәык, асцена ду аҿы арепетициа мҩаԥгам.

"Ишыжәдыруа еиԥш ҳақәыргыламҭақәа мҩаԥысуеит Аԥсуа драматә театр аҿы. Аха уа ааигәа аԥхьарбара мҩаԥысуан азы арепетициа ҳзымҩаԥгомызт. Ԥхынгәы 17 рзы иҳагәҭакуп адекорациақәа ааганы аспектакль уа арепептициа хада мҩаԥаагарц. Сгәы иаанагоит проблемак ҟаларым ҳәа. Аспектакль аиҳарак аҿар ирзааигәоуп. Сгәы иаанагоит иргәаԥхап ҳәа, ҳахәаԥшцәа рзы ныҳәак еиԥшхап ҳәа", - азгәеиҭеит Аслан Енықь.

Артур Лоурентс ипиеса "Вестсайдская история" амотивқәа ирылху аспектакль "Амра аҭашәамҭаз" арбара азыԥхьагәаҭан лаҵарамзазы. Аха авирус иахҟьаны иҟаз аԥкырақәа рымшала иахыган.

Аспектакль дырбахоит Аԥсуа драматә театр асценаҿы ԥхынгәы 28 -29 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0