АҞӘА, ԥхынгәы 16 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Урыстәылатәи Роспотребнадзори Асанепидемстанциеи Аԥсны АШәМи Аҳазалхратә еилаки аҳәаа аартра азҵаара иазхәыцны аусутә алгоритм шьақәдыргылоит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭарҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзураҿы.
"Урыстәылатәи агани ҳареи ҳаилацәажәаны асеиԥш ҳаӡбеит, избанзар аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысразы ихымԥадатәины иҟоу ашьаҿақәа зегьы ишақәнагоу иазхәыцтәуп. Абри апроцесс хылаԥшра азҭо аусбарҭақәа зегьы еиныруазароуп. Роспотребнадзор, аҭахрақәа зегьы инарықәыршәаны Аԥсны асанепидемстанциеи, Аԥсны АШәМи, Аҳазалхратә еилаки аус рыцнауроуп. Арҭ амшқәа рзы Урыстәылатәи ҳколлегацәа раара ҳазыԥшуп. Дареи ҳареи аҳәаа аартра азԥхьагәаҭаны аусуратә схема аус адааулоит", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Уаанӡа Аԥсны ААР иаанацҳахьан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Роспотребнадзор анапхгаҩы Анна Поповеи ишалацәажәаз Роспотребнадзор ахаҭарнакцәа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь рааразы аҭыԥ аҿы амониторинг еицымҩаԥгазарц азы аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара азҵаара.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, аиԥылараан аҳәаанырцәынтәи аинфекциа аламларазы имҩаԥырго ауснагӡатәқәеи ԥхьаҟатәи ршьаҿақәеи ирылацәажәан, иара убасгьы аԥкрақәа раԥыхразы иахәҭоу асанитар-епидемиологиатә уснагӡатәқәа рыӡбахә ҳәан.
Роспотребнадзор ԥхьаҟагьы аԥсуа ган аконсультативтәи аматериал-техникатәи цхыраара аҭара ишазыхиоу, атест-системақәеи ареагентқәеи акоронавирустә инфекциа адиагностиказы раагара шымҩаԥнаго азгәаҭан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Роспотребнадзор ахаҭарнакцәа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь иаараны иҟоуп
-
Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысразы иҟоу аԥкрақәа ирыциҵеит ԥхынгәы 21 рҟынӡа