Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аиба Аинвестпрограммала еиҭаҳаз абаҳчақәа рзы: иахьа ҳекономика шьаҟаны иаҵагылон

© Sputnik / Томас ТхайцукЛесик Айба
Лесик Айба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақыҭанхамҩа аинститут аиҳабы Лиосик Аиба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит 2010-2012 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара аплан инақәыршәаны ҳтәыла араионқәа жәпакы рҿы еиҭаҳаз абаҳчақәа иахьа рҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Хра злоу ахҭысқәа: Аиба Аԥсны асоциалтә економика аҿиаразы еиҭаҳаз абаҳчақәа ирызкны

"Усҟан Ақыҭанхамҩа аинститути Ақыҭанхамҩа аминистрреи аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҵаны абаҳчақәа реиҭаҳаразы апрограмма аусура иалагеит. Уи хықәкыс иаман ақыҭахь излауала ауаа рыргьежьра. Хҩык, ԥшьҩык рҽааизган адгьыл ирымаз арзаҳал алаҵаны, ҳаспециалистцәа неины адгьыл ианаало акультура, уи ахкы алхны, атехнологиа ҿыцқәа ирықәыршәаны иҳааӡартә еиԥш иҟан", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аиба.

Быжь-раионк рҿы 56 қыҭа рҟны агәыԥқәа еидкыланы иҟан, 1500-ҩык инареиҳаны аусура иалагеит ҳәа азгәеиҭеит Аиба.

"Еиҿаҳкааит апитомник ду, 2014 шықәса рзы апрограммазы миллионк рҟынӡа аиҭаҳатә ааҳрыхуа ҳнеихьан. Амандарин, ажь, абҳәаса, ахәырма уҳәа ашәырқәа ҳаман. Абри зегьы иақәырӡын 500 миллион мааҭ рҟынӡа, раԥхьатәи аҽаҩра ҳауит 2014 шықәса рзы имаҷымкәа, усҟан ирҭиуаз ахә ала 800 миллионк инареиҳаны аҽаҩра ҳауран иҟан, уи зегь реиҳа имаҷу, еиҵаны ҟалашьа амамызт. Аха нас апрограмма аанкылан. Ари саналацәажәо, цәгьала сгәы снархьуеит. 2014 шықәса раахыс иахьанӡа хаҵгылара аӡәгьы иҳаимҭеит. Аҟәрышь шаурышьҭуаз иаурыжьуа ицозҭгьы ҩышықәса, ааглыхра ада ԥсыхәа шҳамам анаҳба, убри иахьа шьаҟаны иаҵагылон ҳаекономика", - иҳәеит иара.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0