Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Гəыркан Ашəба: знык Аԥсны сызнеир, сшынхо здыруеит

© Foto / Предоставлено Гурканом АшубаГуркан Ашуба
Гуркан Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқəтəыла инхо, забацəеи забдуцəеи рҭоурых иазҿлымҳау, зхатəы бызшəа аԥсы ахаҵаны ицəажəо Гəыркан Ашəба иҭоурых ажурналист Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ҭырқəтəыла, Есқьышьеҳир иаҵанакуа Ҭашьқоԥру ақыҭа иалҵыз Гəыркан Ашəба иабдуцəа рҭоурых акырӡа дазҿлымҳауп. Иара иеиҳабацəа рҟынтəи иидыруагьы маҷым. Ҳџьынџьуааи сареи ҳаицəажəара ахы аныҵнахуа, шамахамзар, сызҵаара алагамҭа сыԥсахӡом, сазҿлымҳауп Аԥснынтə ихырҵəаз рхылҵшьҭрақəа зусҭцəаз. Убас еиԥш, акыр иантерес аҵоуп Гəыркан Ашəба исзеиҭеиҳəаз иабдцуəа рышьҭра аҭоурыхгьы.

Али Ашәба - Sputnik Аҧсны
Иԥсадгьыл ала игәы ирҭәырц: Аԥсны зынасыԥ зыԥшааз ҳџьынџьуаҩ Али Ашәба иҭоурых

"Саб Илдырым ихьӡуп, уи иаб Месҭан, уи иабгьы Џьгəаҭан. Ашəы Џьгəаҭан иоуп Аԥснынтə ахҵəара иақəшəаз, усҟан иара 17-18-ҟа шықəса ракəын ихыҵуаз. Аԥсны инхоз Џьгəаҭан иабгьы Аҳмеҭ ихьӡын, Аҳмеҭ иашьа Ҳакəанс ихьӡын. Сара сабду иаб раԥхьа Инегиоль дынхон, уантə иара иҭаххеит нхара ҳəа Ҭашьқоԥруҟа диасырц. Избанзар уаҟа дынхон Аԥснынтə ихырҵəаз Ҳалиҭ Ашəба, дара Аԥсны нхарҭалагьы еизааигəазаарын", - ҳəа азгəеиҭеит Гəыркан Ашəба.

Гəыркан Ашба излаиҳəо ала, иабду иаб Ашəы Џьгəаҭан Аԥснынтə Ҭырқəтəылаҟа ицахыргеит иашьцəа ҩыџьа, Аҳмеҭи Исмаили.

"Саб иаҳəшьа Феқьраҭ шəышықəса лхыҵуаны лдунеи лыԥсахит, Амҷаа дырҭацан. Сара лара сылхаануп, илдыруаз, насгьы ианҵаны илымаз аҭоурыхтə жəабжьқəа маҷмызт, урҭ рылацəажəара еснагь бзиа илбон. Феқьраҭ излалҳəоз ала, сара сабшьҭра Аԥсны, Аблахəара ҳəа иахьашьҭаз ақыҭаҿы инхон. Ҳалиҭ Ашəба имаҭак дыҟан саб иеиҳа қəрала деиҳаны, Месҭан ихьӡын, иара излаиҳəоз ала, дара рабшьҭра Аӡҩыбжьа ақыҭа иҭыҵқəаз роуп. Сара Аԥсны Аблахəара ақыҭа ыҟаны исмаҳацт, ус шакəыз саб иаҳəшьа ианласҳəалак, агəра ганы исалҳəон уи аҩыза ақыҭа Аԥсны ишыҟаз", - абас еиԥш зыҭҵаара аҭаху аҭоурыхтə хҭысқəа сзеиҭеиҳəон Гəыркан.

© Foto / Предоставлено Гурканом АшубаГәыркан Ашәба иахьизҳаз ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа
Гəыркан Ашəба: знык Аԥсны сызнеир, сшынхо здыруеит - Sputnik Аҧсны
Гәыркан Ашәба иахьизҳаз ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа

Гəыркан Ашəба хəышықəса ихыҵаанӡа аҭырқəшəа зынӡагьы издыруамызт, ианду (иаб иан) аԥсышəала мацара акəын дышиацəажəоз. Иахьа, ианду гəыблыла дигəаларшəауа иазгəеиҭоит уи лхымҩаԥгара иара иԥсҭазаара аҵак ду шанаҭаз.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Беқьыр Ашәба - Sputnik Аҧсны
Беқьыр Ашәба: ҳара ҳахьыҟазаалакгьы ҳаԥсацәоуп, ҳаԥсадгьыл - Аԥсноуп

"Сан Ахԥҳауп, Руҳан лыхьӡуп, санду дубыхуп. Аубых бызшəа лыздыруамызт, аха аԥсышəала аҷҷаҳəа дцəажəон, Ҵабалаа рхылҵшьҭра ахьынхоз аԥсуа қыҭа дааӡеит. Исгəалашəоит, лмарзакан аашьҭыхны аԥсуа ашəақəа ацҳəауа дантəалоз. Сшыхəыҷыз лыԥсҭазаара далҵгəышьеит, аха лгəалашəара лашаӡа исыцуп сахьцалак. Саб иан Гогəуаԥҳан, Ҳаирие лыхьӡын, саб иандугьы Ааишье лыхьӡын, Ашьхаруаԥҳан", - иҳəеит Гəыркан Ашəба.

Есқьышьеҳир иахьаҵанакуа иҟоу аԥсуа-ашəуа қыҭақəа маҷым. Ажəытəан урҭ ақыҭақəа ҳџьынџьуаа рыла иҭырҭəааны инхозтгьы, уажəы ақалақьқəа рахь ицаз маҷҩым. Гəыркан Ашəба Есқьышьеҳир ақалақь аҿы дынхоит, аха иабдуцəа рыҩны каижьуам, иусура аамҭа дшахашəалаз еиԥш уахь дцоит.

"Ҭырқəтəыла, ажəытəан саб иқəлацəаз, ма инаиеиҳабацəаз ақалақь иналаларгьы рныҟəашьала ирдыруан изланхоз атəым милаҭ. Избанзар убриаҟара иӷəӷəан раԥсуара ирыднаҵоз алеишəа, атəашьа, агылашьа. Раԥсшəеи раԥсуареи еицын, еивыргомызт, ибжамҽамны иаанымхарц азы", - дцəажəон Гəыркан Ашəба.

Гəыркан Ашəба хаҭала дыздыруеижьҭеи акрааҵуеит, иашьеиҳаб Ҭургаи иареи Ҭырқəтəыла аԥсуаа реизарақəа рхы рыладырхəуеит, атəым дгьыл аҿы ҳмилаҭтə хдырра аиқəырхаара иашьҭоуп. Убри гəҭакыс иҟаҵаны, Гəыркан Ашəба иаԥшьгарала жəашықəса раахыс Есқьышьеҳир ақалақь аҿы аус ауеит аԥсуа культуратə дернеқь.

"Ҳара ҳхатə дернеқь ааҳартаанӡа ҳақалақь аҟны еиҿкаау Кавказаа рхеидкыла ҳалахəын. Аԥсуа Федерациа анеиҿкааха анаҩс, ҳхатə культуратə центр ааҳартырц ҳаӡбеит, аҿаргьы гəахəала иақəшаҳаҭхеит. Аханатə уи напхгара азиуан Ерсин Аргəын, уажəы сара сашьеиҳаб Ҭургаи напхгаҩыс дамоуп. Ҳахьыҟоу атəымџьара аԥсыӡ аӡы зҵабаз еиҧш ҳаанымхарц азы ҳахдырра амырӡра ҳазықəҧоит, зегь раԥхьа иргыланы ҳабызшəа еиқəхароуп, абааԥсы", - гəҭыӷьӷьала дҳацəажəон Гəыркан Ашəба.

Гəыркан Ашəба дҭаацəароуп, изҳауеит иԥа Қаан-Берқан. Аԥсшəа азҵаара ҳазааҭгылозар, иԥа аԥсышəала диацəажəоит, еиликаауеит, аха макьана игəы ишаҭаху дызцəажəом.

© Foto / Предоставлено Гурканом АшубаГәыркан Ашәба иԥа
Гəыркан Ашəба: знык Аԥсны сызнеир, сшынхо здыруеит - Sputnik Аҧсны
Гәыркан Ашәба иԥа

"Зегь раԥхьа иргыланы шьала-дала дшаԥсыуоу иеилсыркаарц сҭахуп. Аԥсны асахьақəа исырбоит, ажəабжьқəа изеиҭасҳəоит. Анцəа иџьшьаны, аинтернет ахархəарала еилаҳкаауа маҷым. Зны-зынла дыҩны даасыдгыланы дсазҵаауеит: "Саб, Аԥсныҟа санбаугои?" - ҳəа. Аԥсныҟа аара ихы-игəы иҭоуп еснагь. Схаҭагьы сымнеиӡац Аԥсны, Есқьышьеҳир ақалақьтə усбарҭаҿы аус зуеит, смаҵзура шыхсыркəшалак, хымԥада сԥа дсыманы снеирц сгəы иҭоуп, сагьынхоит", - игəҭахəыцрақəа ҳацеиҩишеит Гəыркан Ашəба.

Гəыркан Ашəба, Аԥсны дшымаацгьы дыздыруа маҷҩым. Еснагь аигəныҩра амҩақəа дрышьҭоуп, ҭелла шамахамзар зегьы иҽрымаидоит, драцəажəоит, драбадыруеит. Хаҭала шаҟаҩ сазҵаахьада: "Башьак Ҭырқəтəыла дынхоит, Гəыркан ихьӡуп, дыбдыруама?" - ҳəа. Сгəы иахəаны, сагьазгəыдууны аҭак рысҭоит "ааи!" ҳəа.

© Foto / Предоставлено Гурканом АшубаГәыркан Ашәба иҭаацәеи иареи
Гəыркан Ашəба: знык Аԥсны сызнеир, сшынхо здыруеит - Sputnik Аҧсны
Гәыркан Ашәба иҭаацәеи иареи

"Аԥснынтə Есқьышьеҳир аҵара зҵоз сҩызцəа ыҟоуп. Урҭ еснагь ус сарҳəон: "Знык Аԥсны унеир шьҭахьҟа узыгьежьӡом", - ҳəа. Ражəақəа еснагь сгəы иԥхаӡа иҭоуп. Сашьцəа Ашəааи сареи ҳаибабахьеит, ҳаибадыруеит. Ашəаа реизара мҩаԥаҳгахьеит Ҭырқəтəыла изныкымкəа, Аԥснынтə сашьцəа рҽаладырхəуеит, ҳаибабара ԥкымхааит аԥхьаҟагьы. Аԥснаа зегьы салам ду рысҭоит!", - абас, гəыла-ԥсыла дсацəажəон Гəыркан Ашəба.

© Foto / Предоставлено Гурканом АшубаҬырқәтәыла инхо Ашәаа реизара
Гəыркан Ашəба: знык Аԥсны сызнеир, сшынхо здыруеит - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла инхо Ашәаа реизара

Аԥсадгьыл агəашəқəа еснагь иаартуп аҳəаанырцəынтə иаауа ҳџьынџьуаа рзы. Ҳаԥшуп, Гəыркан Ашəба иԥсадгьыл ахь нхара дхынҳəып, араҟа иҵеира иациҵап ҳəа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0