Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟнытә: Кәыриԥа Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟынтә иқәгоу аҩыра yeSukhum азы

© Foto / предоставлено Саидом КурипаСаид Курипа
Саид Курипа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа иқәгылаз аҩыра yeSukhum ықәгахоит Аҟәа ақалақь анапхгара адҵала, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы АУН "Аиқәыршәазаара" аиҳабы Саид Кәыриԥа.

 

Раионк аԥсҭазаараҟнытә: Кәыриԥа Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟынтә иқәгоу аҩыра yeSukhum азы

"Анбанқәа рықәгара азыӡбан ақалақь ахадараҿы. Уажәы ари аус ҳнапы аҳаркит, иара ықәзыргылаз анаплакы анапхгара адырра рыҭоуп, анаҩс уи аҩыра аҭыԥ даҽаџьара иазылхны еиҭашьақәыргылахоит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыриԥа.

 

Аҳәынҭқаратә наплакы аиҳабы иара убасгьы ахҳәаа азыҟаиҵеит апарк "Алакә" аҿы иҵхыз Индоевропатәи ателеграфтә шьаҟақәа.

"Апарк аҿы иҵхыз ателеграфтә шьаҟақәа аҭоурых шрымоу еилаҳкаауеит, урҭ аиҭашьақәыргыларақәа рышьҭахь абаҳчахь идырхынҳәуеит ҳәа адырра сымоуп. Уаҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагахоит апарк азы апроект аныҟалалак", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәыриԥа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0