Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьалашьаа еиҭеиҳәеит Аолимпиада-80 аҿы ихамышҭӡо дзықәшәаз ахҭыс атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаур Шалашаа
Заур Шалашаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
40 шықәса раԥхьа Москва имҩаԥысыз Аолимпиада Аԥснынтә иалахәыз, уи зыблала избаз маҷҩым. Аолимпиадаҿы ҭырџьманк иаҳасабала аус зуаз Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Заур Шьалашьаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аспорттә еицлабра ду дшақәшәаз атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Шьалашьаа Аолимпиада – 80 иазкны

"Атәым бызшәақәа ахьаҳдырҵоз ауниверситетқәа рҿы аолимпиада ҭырџьманк иаҳасабала алахәхаразы имҩаԥыргон аицлабрақәа. Уи аԥхьа сара хышықәса аиспан бызшәа сҵон, сара сызҭаз ауниверситет аҿы лымкаала ирацәаны асааҭқәа азоурыжьуан ари абзышәа аҵаразы. Ҳкурс аҟнытә сараӡәк соуп иалырхыз аиспан бызшәа аганахьала. Сара исҭахын ашьапылампыл ахь сақәшәарц, аха исықәшәеит ахысра. Атерминқәа даара ицәгьан, имариамызт аиҭагара, аха уигьы сҵеит ибзианы, иахьагьы исгәалашәо рацәаӡоуп. Анаҩс хымз аҵара ҳаналга, аԥышәарақәа ҳарҭины хрыдыркылон. Сара ибзианы исҭиит, адипломгьы сырҭеит. Ҳара иҳадыз аиҭагара мацара акәмызт, иаауа асасцәа рымҩаԥагарагьы ҳадын", - ҳәа еиҭеиҳәеит Шьалашьаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0