Иԥсҭазаара далҵит адипломат, ажурналист Владимир Аҩӡба

© SputnikВладимир Авидзба
Владимир Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Аҩӡба иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аус иуан Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны.

АҞӘА, ԥхынгәы 21 – Sputnik. Иԥсҭазаара далҵит адипломат, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ауаажәларратә усзуҩ, Асовет Еидгылеи Аԥсни ажурналистцәа реидгыла алахәыла Владимир Аҩӡба. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла.

Аҩӡба: октиабртәи ареволиуциа ҟамлазҭгьы изышьақәгыломызт Асовет мчра>>

Владимир Џьамал-иԥа Аҩӡба диит рашәара 25, 1937 шықәса рзы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан.

Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы акомҿареидгылеи апартиатәи аусура даҿын, агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредактор ихаҭыԥуаҩс дыҟан, апартиа Аԥснытәи аобком аҿы апропагандеи агитациеи рыҟәша деиҳабын, апартиа Тҟәарчалтәи ақалақьтә еилакы актәи амаӡаныҟәгаҩыс аус иуан, апартиа Аԥснытәи аобком аидеологиаз амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан.

Хынтә Аԥснытәи АССР иреиҳаӡоу Ахеилак ахь депутатс далырххьан. 1994 - 2014 шықәсқәа рзы Владимир Аҩӡба Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿ Аԥсны Ахаҭарнакс дыҟан. Ианашьоуп иреиҳаӡоу адипломатиатә чын – Анапынҵа нагӡақәеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ. Владимир Аҩӡба иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аус иуан Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны.

Ианашьан аорденқәа "Ахьӡ-аԥша" III аҩаӡара, "Аҳаҭыртә дырга", СССР амедалқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0