Акәыбрқәа акрырҿаҵо, СССР иадгыланы: Аԥснытәи амилициауаҩ Аолимпиада-80 дшахылаԥшуаз

© Sputnik / Валерий Шустов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТоржественная церемония открытия XXII Олимпийских игр в Москве
Торжественная церемония открытия XXII Олимпийских игр в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XXII Аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа мҩаԥысуан Москва, ԥхынгәы 19 инаркны нанҳәа 3 рҟынӡа 1980 шықәса рзы.

Баӷмаран ақыҭаҿ инхоз Аслан Дгьебиа абарҭ аамҭақәа рзы иусура аганахьала аеропорт Шереметьево ахьчараз дышьҭын. Иара усҟан Амилициа ашкол дҭан. Аԥснытәи аспортсменцәа рықәгыларақәа шигәалашәо, Аолимпиатә хәмаррақәа шиаҩсыз, азинеиҿкаара ишахылаԥшуаз Sputnik аматериал аҿы.

Бадри Есиава, Sputnik

Москва амҵатәи "ашьажәцәа"

СССР Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәыз Калининградтәи амилициа ашкол астудент Аслан Дгьебиа дреиуахеит XXII Аолимпиатә хәмаррақәа раан азинеиҿкаара иалахәыз акурсантцәа. Дгьебиа ишигәалашәо ала, акурсантцәа даара ирыцклаԥшны иалыркаауан. Аҵараҿы реихьӡарақәа реиԥш, рдисциплина, рҭеиҭԥш уҳәа иазхьаԥшуан, Асовет Еидгыла ахаҭарнакцәақәак раҳасабала.

300-ҩык алхын 800-ҩык акурсантцәа рҟынтәи. Дгьебиа заҵәык даԥсыуаны дрылан. Хымз азыҟаҵара ҷыдақәа ирыхрыжьуан: аҳәаанырцәуаа рҟны рхы шымҩаԥыргаша, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҟны иҟарҵаша, ззин ыҟоу, ззин ыҟам. Амилициауаа қәыԥшцәа англызи анемеци абызшәақәа рҵаразы иркьаҿыз акурсқәа ирхыжьын.

© Foto / из личного архива Аслана ДгебияКалининградтәи амилициа ашкол астудент Аслан Дгебиа дреиуахеит XXII Аолимпиатә хәмаррақәа раан азинеиҿкаара иалахәыз акурсантцәа
Акәыбрқәа акрырҿаҵо, СССР иадгыланы: Аԥснытәи амилициауаҩ Аолимпиада-80 дшахылаԥшуаз - Sputnik Аҧсны
Калининградтәи амилициа ашкол астудент Аслан Дгебиа дреиуахеит XXII Аолимпиатә хәмаррақәа раан азинеиҿкаара иалахәыз акурсантцәа

Аслан Дгьебиа иҳәеит адунеи зегь аҿы усҟантәи аамҭазы иналукаашаз ахҭыс дахьалахәхаз иҭакԥхықәра еиҳагьы шеизнарҳаз. Иҩызцәа реиԥш иаргьы иҽазышәаны идырҵоз ҟаиҵон.

Аолимпиада алагара мышқәак шыбжьаз акурсантцәа Москва амҵантәи араион Лобниахь инаргеит, ашкол ахыбраҿы иҩнарҵеит. Ари аҭыԥ аӡбахә далацәажәо, Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит "ашьажәцәа" ҳәа ззиҳәаз акәыбрқәа рыӡбахә. Урҭ аслан иаҟаран иҳәеит.

"Ашьыжь ҳанааԥшлак ашьа ҳалыжжуан. Реиԥш зеиԥшу кәыбрык сымбац. Актәи ауха ус иаҳхаагеит. Адырҩаҽны аԥенџьырқәа злаҳшәаҳаша акасыш ааҳхәеит, аха урҭгьы хәарҭара дук рыламызт", - игәалаиршәоит Дгьебиа.

Ҳара ҳтәқәа ҳрыдгылон

СССР Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәыз Калининградтәи амилициа ашкол астудентцәа зегьы нашьҭын аеропорт Шереметиевои ааигәа-сигәатәи амҩадуқәеи рыхьчарахь. Аслана Дгьебиа авзвод акомандаҟаҵаҩыс далхын. Уи анапынҵа ҷыдақәа рыдагьы еиҳау аҭакԥхықәра иднаҵон. Азинеиҿкааратә усура аҩаӡара ҳарак аман ишьақәыргылан, ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа еилагарак аҭыԥ амамызт.

XX летние Олимпийские игры в Мюнхене. 26 августа - 10 сентября 1972 года. Советский легкоатлет, олимпийский чемпион в тройном прыжке Виктор Данилович Санеев на пьедестале почета. - Sputnik Аҧсны
Ачемпион изы "араӡны": Аԥснытәи аспортсмен Аолимпиада-80 аҿы аҩбатәи аҭыԥ шигаз

Актәи иҷаԥшьара Дгьебиа аеропорт аԥрырҭатә зал аҿы ихигеит. Иҷаԥшьараамҭа ҭынчны имҩасит. Иара иажәақәа рыла, аинтерес ду аҵан атәымтәылауаа рхымҩаԥгашьа ашьклаԥшра.

"Аҳәааннырцәуаа акала ицәгьаны иаҳзыҟаны исымбеит. Амала дареи ҳареи ҳшеиԥшым убарҭан. Рхымҩаԥгашьа аҽакын. Кавказтәи ауаҩы сзы уи маҷк ихоужьран, аха акгьы узраҳәомызт", - иҳәоит иара.

Акурсант уахык абжьара уахык иҷаԥшьон. Мышкы хәлаанӡа џьара инатәаргьы ҟаломызт, абаша цәажәарагьы азин рымамызт.

Аҳаирпланқәа ртәареи рышьҭыԥраареи хԥа-хԥа минуҭ ракәын ирыбжьахоз. Аслан Дгьебиа хаҭала ирацәаҩуп дызԥылоз аспортсменцәа нагақәа. Ибзиан игәалашәоит зоура џьеишьаз аолимпиатә чемпионка Улиана Семионова, лара Гиннес ирекордқәа рышәҟәы данын адунеи аҿы реиҳа иауу амҵәышәмпыласыҩ ҳәа. Лоура 210 сантиметра иҟан.

Аолимпиатә хәмаррақәа рымҩаԥысра акурсантцәа ирызбомызт, Аолимпиада иагьалахәын иагьалахәымызт.

"Акәыбрқәа ҳшьа дыржәуа, ателербага аҿаԥхьа ахәмаррақәа ҳрыхәаԥшуан", - иҳәоит длафуа иара.

Аԥснытәи аҵәыршәҩы Саида Гәынԥҳа лықәгыларагьы ателербагалоуп ишибаз Аслан.

"СССР зегьы, аиҳаракгьы Аԥсны лықәгылара иахәаԥшуан. Араӡны медал лгеит. Ҳгәырӷьара ҳәаак амамызт", - иҳәоит иара.

"Фанта", аца, аҭакра

Абарҭ амшқәа рзоуп Аслан раԥхьаӡа акәны "Фанта" агьама анибаз, уи уажәыгьы игәалашәоит.

"Аҵәцақәа рҭаны аппаратқәа гылан. Аԥара ҭауршәыр, аҵәца "Фанта" ҭанаҭәон. 20 копеи иаԥсан, чахык ахә аҟара. Даара ихаан. Уажәы иҭрыжьуеи усҟантәии еиԥшым. Аппаратқәа америкатәи афирма иатәын, руак ԥхасҭахан, аҟаза дааргеит. Еилкаахеит изыхҟьаз "автомат" шакәмыз, арыжәтә аилазаара ахьыԥсахыз акәзаарын. Иҟалап аӡәы ихарџьқәа дреиҷаҳар иҭаххазар", - иҳәоит Дгьебиа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Дгебия
Акәыбрқәа акрырҿаҵо, СССР иадгыланы: Аԥснытәи амилициауаҩ Аолимпиада-80 дшахылаԥшуаз - Sputnik Аҧсны
Аслан Дгебия

Аҵх аҽеиҩношаны итәеит Венгриатәи аҳаирплан, уи аца аанагеит. Дгьебиеи иҩызаки уахь инаццакит. Хә-километрак рҟынӡа ашьҭыԥрааратә цәаҳәа иқәланы инеиуан. Рџьабаа ахә шәан ҩ-иашьыкьк ашәыр ала. Дгьебиа ишиҳәо ала, европатәи аца аԥсуа аца аиҳа иԥшӡазаргьы, гьамала еиӷьмызт.

Аҭагылазаашьа акыр ишҭынчразгьы Аслан Дгебиа аӡә иаанкылара иқәшәеит. Аеропорт ааигәара акәын. Хҩык акаҳуа ҭынч иржәуан, аха урҭ акала ргәы рызҩеит амилициауаа. Рдокументқәа гәарҭарц рыӡбеит.

"Адокументқәа ргәаҭараан аӡәы амцхә иҳәо далагеит, уи азы атранспорттә милициа аҟәшахьы инаагеит. Уа еилкаахеит уи иԥшаара шрылаҳәаз. Ҳусуразы сҩызеи сареи аԥаратә ԥхьахә ҳарҭеит. 30 мааҭ. Усҟан уи ԥара бзиан", - иҳәоит амилиционер.

XXII Аолимпиатә хәмаррақәа Москва рымҩаԥысраан русуразы амилициа ашкол акурсантцәа СССР Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи атранспорттә милициеи рыхьӡала аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан.

Дгьебиа 1970-1980-тәи ашықәсқәа гәахәарыла игәалаиршәоит. Ишиҳәо ала, урҭ рырхынҳәра алшозар дагьазхәыцуамызт. Аԥсҭазаара усҟан еиҳа иҭынчын.

Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳашыг еиҭеиҳәеит аԥсшәа иабзоураны Аолимпиада-80 аицлабрақәа руак Москва ишибаз

Аслан Дгьебиа 64 шықәса ихыҵуеит. 40 шықәса инарзынаԥшуа амилициаҟны аус иуан, аха ҩымз раԥхьа тәанчара дцеит, аполковник ичын иманы. Аслан иашьеиҳаб Ҭемыргьы амилициаҿы амаҵура далан.

Львов Аҩнуҵҟатәи ар роперативтә архәҭа далган данаа, Ҭемыр аҩны дыҟан.

"Сашьа амилициаҿы аусура салаиргеит. Аԥхьа рацәак исҭахымызт, аха нас саланагалеит, аинтерес сыманы аус зуан. Ауаа рыцхраара сгәаԥхон, насгьы усҟантәи аамҭазы "амилиционер" иҳаракыз ажәан", - иҳәоит иара.

Аслан еиуеиԥшым анапынҵақәа наигӡон – аҭыԥтә хылаԥшҩы (аучастковыи) инаиркны Аԥсны ААР ахатәтәра ахьчараз аусбарҭа аиҳабы иҟынӡа.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, Леон иорден ианашьоуп.

Иара иажәақәа рыла, аибашьра ашьҭахь даара иуадаҩын. 1994 шықәса рзы аҭаацәара далалеит, ҩыџьа иԥацәа – Асҭамыри Баграти - азиндырра аганахьала аҵара иҭоуп.

Аслан Дгьебиа тәанчара данца ашьҭахь Баӷмаранҟа диасит, анхамҩа аиҿкаара даҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0