АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ Баграт Минаиа дааныркылеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" данахысуаз ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Агәаҭараан иара Аԥсны ААР анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭа аусзуҩцәа ириҭеит аилаҳәара, анаркотикатә маҭәашьар "метадон" згәылаз ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.
Минаиа иганахьала Аԥсны ААР атранспорттә усбарҭа аусҭҵаара хацнаркит.
Иара хараны идҵоуп Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 223, ахәҭа 2, АЗ ахәҭаҷ 224, ахәҭа 2 азгә. 1 иазыԥхьагәарҭо закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьар аахәара, аҵәахра, амҩангара, Аԥсныҟа алагалара.
Минаиа закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьар аахәара, аҵәахра, амҩангара рзы 3 шықәса инаркны 5 шықәсанӡеи 50 000 мааҭ рҟынтә 100 000 мааҭ рҟынӡа ахараԥсеи иқәырҵар илшоит.
Анаркотикатә маҭәашьар хыԥхьаӡара дула Аԥсныҟа алагалараз 9-12 шықәсеи 250 000-300 000 мааҭ ахараԥсеи иқәырҵар илшоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Агероин ацынхәрас аметадон: Аԥсны анаркотикқәа рымҩа