Аԥсны АКХ аҿы Апарламент ахь аиҭалхрақәа рзы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭаргалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны АКХ аҿы Апарламент ахь аиҭалхрақәа рзы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭаргалеит
Аԥсны АКХ аҿы Апарламент ахь аиҭалхрақәа рзы аԥшьгаратә гәыԥ ашәҟәы иҭаргалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №10 аҿы Апарламент ахь аиҭалхрақәа имҩаԥгахоит цәыббра 13 рзы, акандидатцәа Ҭемыр Беиеи Ҭамази Леибеи иазхоз абжьқәа ахьырмоуз инадҳәаланы.

АҞӘА, ԥхынгәы 29 – Sputnik. Аиҭалхрақәа Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №10 аҿы имҩаԥгахоит цәыббра 13 рзы. Асеиԥш аӡбара рыдыркылеит Аԥсны АКХ аҿы. Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы ашәҟәы иҭаргалеит Бзыԥтәи алхырҭатә округ №10 аҿы Ҭамази Леиба Апарламент ахь кандидатс иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АКХ.

Выборы президента Абхазии. ЦИК - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа ррыцхә шьақәдырӷәӷәеит

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит ԥхынгәы 12 рзы.

Аихшьаалақәа инарықәыршәаны: Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ хада №18 аҟны депутатс далхуп Алхас Ҳагба, Оҭҳаратәи алхырҭатә округ №14 аҟны – Алмасхан Барцыц, Кындыӷтәи алхырҭатә округ №31 аҟны – Гарри Кокаиа.

Аиҭалхрақәа азгәаҭоуп Бзыԥтәи алхырҭатә ҭыԥ хада №10 аҿы, Ҭемыр Беиеи Ҭамази Леибеи кандидатцәас иахьықәгылаз. Рҩыџьагьы иазхоз абжьқәа рмоуит. Убри инадҳәаланы Алхратә комиссиа хада аӡбара аднакылеит аиҭалхрақәа мҩаԥгазарц.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит ԥхынгәы 12 рзы иҭацәыз амандатқәа ԥшьба рахь - атәыла ахадас иалырхыз Аслан Бжьаниа, аԥыза-министрс иҟарҵаз Александр Анқәаб, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟарҵаз Дмитри Дбар, Гагра араион ахадас иҟарҵаз Иури Хагәышь рҭыԥқәа рахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0