Аԥсны акоронавирустә хҭысқәа ааба ҿыц ишьақәыргылоуп

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Забайкалье поступила тест-система для определения антигена коронавируса
В Забайкалье поступила тест-система для определения антигена коронавируса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа агәаҭаразы 134-ҩык ауааԥсыра гәаҭан.

АҞӘА, ԥхынгәы 29 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу аилкааразы игәаҭаз 134-ҩык рахьтә ааҩык рцәа ишалаз шьақәырӷәӷәан ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иара убас адырраҭараҿы иазгәаҭоуп Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишышьҭоу акоронавирус адиагноз ззышьақәыргылоу апациентцәа 11-ҩык, 20-ҩык ачымазцәа аҩны рҽыԥхьакны иҟоуп.

Апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа зыхьхьоу рхыԥхьаӡара 71-ҩык ыҟоуп, урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0