Аслан Бжьаниа Аԥсны аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сынтәа аԥсылман ныҳәа Кәырбан-баирам, Аԥсны Кәырбанныҳәа ҳәа изышьҭоу, ԥхынгәы 31 иақәшәеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа зегьы ишәыдысныҳәалоит Кәырбанныҳәа!  Аныҳәа адунеи зегь аҟны адин иацныҟәо аҭынчреи аҳәоуеиқәшәареи иаднаԥхьалоит, аицхыраареи абзиеибабареи шьананы ирзыҟоуп. Традициала аныҳәа аҽны зылшара маҷу рыдгылара, рыцхыраара иазхьаԥшуеит", - ҳәа аҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.

Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны ахаангьы адин еилых шрымамыз.

"Араҟа ахаангьы еимабзианы иҟан еиуеиԥшым адинқәа, аконфессиақәа. Сара агәра ганы сыҟоуп урҭ атрадициа шьахәқәа ԥхьаҟагьы еицакра роуам ҳәа. Аԥсны аԥсылманцәа ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, амарымажара, аманшәалара!" - ҳәа иҳәоит атәыла ахада.

Уаанӡа Аҟәеи Гәдоуҭеи традициак аҳасаб ала имҩаԥыргоз аныҳәатә уснагӡатәқәа сынтәа иаԥыхуп акоронавирус алаҵәара инамаданы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥсылманцәа рдоуҳатә напхгаҩы, амуфҭи Ҭемыр Ӡыба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0