Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Инал-иԥа Кәырбанныҳәа азы: Ҳазшаз изкын, убри аҟынтә ибзианы имҩаԥысит

© Foto / предоставлено Адгуром Инал-ипаАдгур Инал-ипа
Адгур Инал-ипа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амсылман дин ныҟәызго Адгәыр Инал-иԥа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит Гәдоуҭа ишазгәарҭаз амсылманраҟны ихадоу аныҳәақәа иреиуоу Кәырбанныҳәа.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Инал-иԥа Гәдоуҭа Кәырбанныҳәа амҩаԥгара иазкны

"Ҳазшаз изкны иҟаҳҵон аныҳәа, убри аҟынтә ибзианы имҩаԥысит. Иахьа ҳазҭагылоу аамҭа ҳзыманшәалахарц ҳиҳәоит, иара иоуп ҳзықәгәыӷуа. Иара ус иаҳзыҟаиҵо ауп, егьыс иҳамчу ҳәа акгьы ыҟаӡам. Убри аҟынтәи иҭабуп ҳәа иаҳҳәар ҳҭахын, ашьтәа ҳшьит. Ауаа аныҳәарахь инеираны иҟаз, уажәы иҟоу ачымазара иахҟьаны изымнеиқәаз ҟалеит. Ус акәзаргьы, изамананы имҩаԥаагеит, зегьы ҳзы иманшәалахарц сиҳәоит Ҳзашаз. Ашьтәа ашьразы аныҳәаан алшара ануоуа ишԥаҟауҵо? Ацә, ма ажә иушьуа ҩбаҟа шықәса ахыҵуазароуп, агра амамкәа иҟазароуп, ахԥатәи ахәҭа ухазы иаанужьуеит, нас уҭаацәа, иузааигәоу ирыуҭоит, убасгьы хәыҷык ауадаҩрақәа змоу, ацхыраара зҭаху, хымԥада, ирыуҭароуп хәҭак", - иҳәеит Инал-иԥа.

Иара убасгьы еиҭеиҳәеит амсылман дин аԥҟарақәа ныҟәызго аҵыхәтәантәи аамҭазы араион аҟны рхыԥхьаӡара зеиԥшроу.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0