Ижәлар дырзааигәан, рыцәгьа-рыбзиа еснагь далагылан – Хьрыԥс Џьапуа игәалашәара иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукГлава Очамчирского района Хрипс Джопуа
Глава Очамчирского района Хрипс Джопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаша, пхынгәы 31 рзы иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит Аԥсны ауаажәларра-политикатә усзуҩы Хьрыԥс Џьапуа. Уи акыршықәса аус ицзухьаз Аԥсны Абыргцәа рхеилак аиҳабы Аполлон Думаа дшигәалашәо анылҵеит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Хьрыԥс Џьапуа ижәлар рыбзиабара даԥсан, инапы злакыз аус ҭакԥхықәрала дазнеиуан ҳәа ихиҳәааит акыршықәса аус ицузахьаз, гәыла-ԥсыла изааигәаз Аԥсны Абыргцәа рхеилак аиҳабы Аполлон Думаа.

"Хьрыԥс Родион-иԥа Џьапуа Аԥсны аҵеицәа ираԥхьагылаз иоуп. Аибашьраангьы уи ашьҭахьгьы ажәлар рымаҵ аура даара аџьабаа адибалеит Очамчыра араион аиҳабыс, иара убас Арепатриациазы аҳәынҭеилакы ахантәаҩыс даныҟаз. Хьрыԥс ҩнаҭак аҿы ииз аҭаацәа зегьы дреиҳабын. Иабду даара дуаҩԥс бзиан, иахьынхоз аҳаблаҿы ныҳәаҩыс дрыман имышьҭа бзиоуп ҳәа, Џьапуа Ҷуҭ ихьӡын. "Хьрыԥс сара сылақәа дырҩызоуп", - иҳәалон абду имоҭа изы", – ҳәа игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит Аполлон Думаа.

Хьрыԥс Џьапуа ҟазшьала ижәлар дырзааигәан, рыцәгьа-рыбзиа еснагь далагылан, аҳәынҭқарратә ус ҷыдала дазнеиуан, аиашара бзиа ибон.

"Аԥсуаразы дпатриот дуӡӡан, иҩызара-иқәлара, ижьрацәара, иаԥсуара – абарҭқәа зегьы сгәы иҭынҵәом. Аиаша шәасҳәап, иӡбахә анысҳәо сгәи-сылаӷырӡи еилаҵәоит, убас аҟазшьа бзиаӡа иман. Ихшара рынасыԥқәа рыла ҳиеигәырӷьаҵәа ҳаҟан, амоҭацәа ссирқәа имоуп", – ҳәа азгәеиҭеит Аполлон Думаа.

Хьрыԥс Џьапуеи иԥшәмаԥҳәыс Алла Амԥарԥҳаи иареи ахшара бзиа рааӡеит. Иԥшәмаԥҳәыс дырҵаҩуп, рыжәлар рҿы ҳаҭыр ду рықәуп. Хьрыԥс Џьапуа иаалырҟьаны иԥсҭазаара дахьалҵыз Аԥсназы ицәыӡ дууп ҳәа дахцәажәеит Аполлон Думаа.

"Хьрыԥс Родион-иԥеи сареи 11 шықәса иааҭыркәкәаны аус еицаҳуит. Жәеиза шықәса рыла ахәыҷы имиц дины цҳаражәҳәара дрышьҭуа дҟалоит… Абыргцәа даара дырзааигәан. Саб рыцҳа ус иаиҳәон: "Хьрыԥс, дад, уара аҭауад хьӡы умоуп, уагьаԥсоуп", - ҳәа. сан Џьапуаԥҳан, "сашьа хәыҷы" ҳәа иалҳәон. Амчыбжьи амчыбжьи рыбжьара Очамчыра араион изныкымкәа ақыҭақәа ҳрылсуан, ачаи фабрикақәа аус руан, аҭаҭын ааҳрыхуан усҟан. Зны иара иани иаби рҿы Ҷлоу ҳаангылон, зны сара сҿы ҳаангылон", – иҳәеит Думаа.

Хьрыԥс Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Очамчыра араион актив дыддырдырит Хьрыԥс Џьапуа

Аԥсны Абыргцәа рхеилак аиҳабы гәыблыла игәалаиршәеит Хьрыԥс Џьапуа ихымҩаԥгара иадҳәалаз хҭыск.

"Сан акыраамҭа длымбацкәа дыҟан. Ақыҭақәа жәпакы еимданы аҩны ҳааит, какалк ҳкырц. Сан рыцҳа абарҵаҿ дтәан. "Мшыбзиа!" - ҳәа анлаиҳәа, "Бзиара убааит!" - ҳәа аҭак наилҭеит, аха дылзымдырит азныказы, лыла аԥҟара ақәшәахьан. "Башьа хәҷы Хьрыԥс иами", - анысҳәа диеигәырӷьеит. "Уабаҟаз ариаҟара аамҭа?" - анылҳәа, "Сабаҟаз бымбои, саабымбеижьҭеи бтәанчахәы сашьҭан", - иҳәеит (усҟан иабаҟахыз атәанчахәы). Нас иџьыба дынҭалан, ихатә ԥара ҭыганы иналиркит. Абас згәы разыз иакәын Хьрыԥс Родион-иԥа", – иҳәеит Аполлон Думаа.

Хьрыԥс Џьапуа излаилшоз ала зегьы дырхаҵгылон, адгылара риҭон, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл радыԥхьалара дашьҭан, уи азы ихатә знеишьа иман. Хьрыԥс Џьапуа иуаҩра, иааԥсара, илшара ҳажәлар ргәаҿы наунагӡа иаанхоит.

Аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны Ахьӡ-Аԥша аорден 3-тәи аҩаӡара занашьоу Хьрыԥс Џьапуа диит Очамчыра араион, Ҷлоу ақыҭан. 1976 шықәсазы далгеит Гь. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат. 1985 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны иҵара хиркәшеит.

1984 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа Аԥсны аполиграфиатә-ааглыхратә акзаара ахырхарҭала еиуеиԥшым амаҵуратә ҭыԥқәа рҿы аус иуан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. Аибашьра ашьҭахь Гәылрыԥшь, нас Очамчыра араионқәа рхадас дыҟан. 2013-2015 шықәсқәа рзы Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс даман.

2020 шықәса, ԥхынгәы 31 рзы иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Анышә дамардоит аҩаша, ԥхынгәы 4 рзы, Ҷлоу иқыҭа гәакьаҿ.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0