"Аҳәынҭқарратә мазара аҭирахь ианықәдыргыло ауп хыхь-хыхь аилак аус атәы анырбо, егьыс ирацәаны азҵаарақәа ирыдҳәалоуп. Иаҳҳәап, аҳәынҭқарра иамоу амал асиа еиқәҳаршәалароуп, уи ҭҵааны иаҳдыруазароуп. Ареестр аҟны ишақәнагоу еиԥш амал иадҳәалоу адыргақәа арбазароуп, ахыбра шаҟа адгьыл аҵанакуа, аҭагылазаашьа зеиԥшроу уҳәа инҭырҳәцааны иҳамазароуп. Анаплакқәа ашәҟәынҵа иҭагалатәуп, уи азы ашәҟәы раҳҭароуп, абас еиуеиԥшым есымшатәи аусқәа ҳнапы рылакзароуп. Уи ҟаҳамҵар, амал аҭира ҳәа ҳазҿу, ма қьырала аиагарахь иуадаҩхоит. Ахә ақәҵара акәзар, ашәҟәынҵаҟны иҟоу ацифрақәа рҟынтә иаауеит", - иҳәеит Кәыбраа.
Иара еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә мазара иаҵанакуа анаплакқәа рҟынтә хашәалас абиуџьет иаиуа, убасгьы игәаанагара иҳәеит аҳәынҭқарратә мазара аҭира азҵааразы.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Aԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Гьемуа еиҭеиҳәеит амазареи ахатәтәреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿаԥхьа хыдҵас иқәгылаз