Агәыԥ маҷқәа рзы: Афонҿыцтәи аҳаԥы аԥсшьаҩцәа ирзаадыртит

© Sputnik Томас ТхайцукНовоафонская пещера
Новоафонская пещера - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы иаркын хәажәкыра 20 инаркны, акарантин иадҳәалоу аԥкрақәа Аԥсны иахьалагалаз инамаданы.

АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Афонҿыцтәи аҳаԥы аҩнуҵҟа аекскурсиақәа рымҩаԥгаразы арзаҳалқәа аднакыло иалагеит амҽыша, нанҳәа 2 инаркны ҳәа адырра ҟаҵоуп Facebook аҟны аобиект аофициалтә даҟьаҿы.

Аекскурсиа иалахәу рхыԥхьаӡара дырмаҷуеит Роспотребнадозор иҟанаҵаз абжьгарала.

Тамаз Цахнакия - Sputnik Аҧсны
Агәабзиарахьчара аминистр иҳәеит COVID-19 здырбало атуристцәа шырхәышәтәло

Афонҿыцтәи аҳаԥы аусзуҩцәа аескурсиа мҩаԥызго афирмақәа ирыҳәеит заанаҵ ирарҳәаларц аҳаԥы иаҭаауа, иара убас екскурсиа иаладырхәуа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара.

Убри адагьы, аҳаԥы иаҭаар ҟалоит аекскурсиақәа ирыцны адагьы, изҭаху рхала акассаҿы абилеҭқәа аахәаны.

Афонҿыцтәи аҳаԥы атуристцәа рзы иаартын ԥхынгәы 4, 1975 шықәсазы.

Афонҿыцтәи акарсттә ҳаԥы - адунеи аҟны иреиҳау аҳаԥқәа иреиуоуп, Аладатәи Кавказ аҿы акәзар - зегьы иреиҳауп. Словениа иҟоу Шкоциатәи аҳаԥи Америка иҟоу Карлсбадтәи аҳаԥи шәагаала иаарываҟәыло карсттә гәаҩароуп. Аҳаԥахьы узлаҩнало акылҳара 1961 шықәсазы раԥхьаӡа акәны ибеит усҟан 16 шықәса зхыҵуаз Афон ҿыц инхоз Гиви Смыр. 1975 шықәса инаркны атуристцәа рзы иаартын.

Асабша, нанҳәа 1 азы Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа ахысразы иҟаз аԥкрақәа аԥырхит. Аԥсуа-аурыс ҳәаа аԥсшьаҩцәа рзы иаркны иҟан ԥшьымз инарзынаԥшуа.

Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус зыхьыз 98-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0