Артиллеристцәа Аԥсны ашьхараҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik / Сергей Пивоваров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТактические учения ЮВО в Ростовской области
Тактические учения ЮВО в Ростовской области - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә округ артиллеристцәа рдыррақәа ирыздырҳауан артиллериатә ԥшыхәцәеи, аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәа ррасчотқәеи алархәны.

АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә округ артиллеристцәа аполигон Ҵабал аҿы "аӷа" икәылӡтәы техника аколонна еилаԥырыххааит ареактивтә система (РСЗО) БМ-21 "Град", 152-мм иҟоу агаубицақәа "Акация" рыла ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Российские военнослужащие ЮВО в Абхазии приступили к отработке новой модульной системы «Колесо» в ходе мероприятий боевой подготовки - Sputnik Аҧсны
Аладатәи арратә округ артиллеристцәа "аӷа" иҵәахырҭақәа еилаԥырыххааит

"Аҽазыҟаҵарақәа разыԥхьагәаҭарала аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәа ррасчотқәа жәа-километрак набжьаны "аӷа" имеханизациатә колонна ҭарыԥшыхәит, акоординатқәа акомандаҟаҵаратә ҭыԥ ахь инарышьҭит. Урҭ рықәгаразы рхы иадырхәеит 152-мм иҟоу артиллериатә гаубицақәа "Акация". "Градқәа" ракәзар "аӷа" имчқәа ршьаҟьаӡеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ауснагӡатә иалахәын 300-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауааи 70 ак арратә техникеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0