Алакә иаҩызаз: Анатоли Лагәлаа Аҿар адунеизегьтәи рфестиваль дшалахәыз

© Foto / из архива Анатолия ЛагулааАҿар Адунеизегьтәи рфестиваль иалахәыз аԥснытәи агәыԥ
Аҿар Адунеизегьтәи рфестиваль иалахәыз аԥснытәи агәыԥ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
35 шықәса раԥхьа, Москва имҩаԥысуаз Аҿар адунеизегьтәи рфестиваль аԥсуа ҿар ирнаҭази, цәаныррақәас ирзааннажьызи ртәы дазааҭгылоит уи иалахәыз ашәҟәыҩҩы, апоет Анатоли Лагәлаа.

Агәалашәара хаақәа

Абар сынтәа 35 шықәса ҵит Аҿар адунеизегьтәи рфестиваль Москва имҩаԥысижьҭеи. Ари афестиваль Аԥснынтәи ҳалахәын ҩеижәижәаҩык инарзынаԥшуа. Усҟан уахь Аԥснынтәи ицоз аԥсуаа рымацара ракәӡамызт, Аԥсны иқәынхоз амилаҭқәа рхаҭарнакцәа зегьы цон. Ара иҟан аԥсуаа, аурысцәа, аерманцәа, ақырҭцәа уҳәа амилаҭеилаԥса. Аха аиашаз, аԥсуаа еиҳа ҳаиҳан хыԥхьаӡарала.

Ҳарҭ зегьы усҟан Аԥснытәи Аобком иаҵанакуаз акомҿартә хеидкылаҿы ҳаизыргеит, урҭ ракәын ҳара ҳамҩаҿы иҳаԥхьагыланы хадара ҳзызурангьы иҟаз. Усҟан Аԥснытәи акомҿартә организациа ахадара дыруаӡәкын, даара иҟәышыз, иинтеллигентыз, аиҳабыра рҿгьы пату ду зқәыз Анатоли Џьонуа. Уи агәыԥ иалаз ҳҟынтә исгәалашәо гәыԥҩык рыхьӡ сҳәоит, зыхьӡ сгәаламшәо саҭарымҵааит абриаҟара шықәс цахьеит: Виачеслав Цыгәба, Гәырам Анқәаб, Витали Џьениа, Геннадии Ҭарба, Иура Тураа, Нодар Дарсалиа, Белла Быҭәԥҳа, Манана Маланиаԥҳа уҳәа убас иҵегьы.

© Foto / из архива Анатолия ЛагулааАҿар Адунеизегьтәи рфестиваль иалахәыз аԥснытәи агәыԥ
Алакә иаҩызаз: Анатоли Лагәлаа Аҿар адунеизегьтәи рфестиваль дшалахәыз - Sputnik Аҧсны
Аҿар Адунеизегьтәи рфестиваль иалахәыз аԥснытәи агәыԥ

Иеизыргаз зегьы иҳаларҳәеит Москваҟа ҳцаанӡа Қарҭ хымш ҳцар шакәу, уа алекциақәа ишҳазрыԥхьо, ҳхы шымҩаԥаҳгаша, ҳазԥыло ҳашрацәажәаша, Қырҭтәыла шаҳмырԥхашьаша уҳәа шаҟа хкы уҭаху рхәыцуан! Ҳара дааракгьы иаҳгәамԥхеит, аха иҟоуҵоз…

Ажәакала, Қарҭ хымш ҳаҟан Москваҟа афестиваль ахь ҳцаанӡа, уа дара ртәала ахшыҩ ҳдырҵарц иалагеит, аха ҳара еицыз аԥсуаа ргәыԥ урҭ рлекциақәа рахь ҳныҟәаӡомызт, хымш ақалақь ҳалан, шьоукы ҳсасааирҭақәа рҿы итәан.

Хымш анааҵ, Қарҭынтәи Аҟәа ҳааит, ара мышкы ҳаԥсқәа ҳшьеит, нас "Аҟәа-Москва" адәыӷба ҳнақәтәан, ҳшеибакыз зегьы Москваҟа амҩа ҳақәлеит. Амҩан шәаҳәаран, лафҳәаран, гәырӷьаран, избанзар ари аҩыза афестиваль алашәара ус имариаӡамызт, еилыԥшааны акәын ишырышьҭуаз!

© Foto / из архива Анатолия ЛагулааАҿар Адунеизегьтәи рфестиваль иалахәыз аԥснытәи агәыԥ
Алакә иаҩызаз: Анатоли Лагәлаа Аҿар адунеизегьтәи рфестиваль дшалахәыз - Sputnik Аҧсны
Аҿар Адунеизегьтәи рфестиваль иалахәыз аԥснытәи агәыԥ

Москва ҳаннеи, лакә ссирк ҳналагылазшәоуп зегьы шдырԥшӡахьаз! Избанзар, арахь милаҭ хкыс иуҭахыз загьы рхаҭарнакцәа адунеи аҵыхәантәи иааԥхьан, ирацәаҩӡан зхатә милаҭтә маҭәақәа рыла еилаҳәаз, урҭ зегьы гәырӷьаҵәа еибадыруан, ишәаҳәон, икәашон, рфотографиақәа еицҭырхуан, еибадыруан, аҳамҭа ҷыдақәа еимырдон.

Ҳара аԥсуаагьы џьаргьы ҳҽаҵамырхакәа еиуеиԥшым агәыԥқәа зегьы реиԥыларақәа ҳаҽрылаҳархәуан, ирзеиҭаҳҳәон ҳаԥсадгьыл аԥшӡарақәеи, ҳмилаҭ рҵасқәеи, рқьабзқәеи, рҭоурыхи зегьы ртәы. Уажәыгь сыла ихыҵуам урҭ шаҟа аинтерес кны иаҳзыӡырҩуаз, иҟан амилаҭқәа маҷымкәа, аԥсуа иԥсы ҭаны дзымбацыз, имацәажәацыз, инапы аанызымкылацыз... Ҳаргьы иахьынӡаҳалшоз урҭ пату ақәҵаны ирзеиҭаҳҳәон ҳаԥсадгьыл иамаз абеиарақәа зегьы!

Ари афестиваль идеиа хадас иамаз адунеи иқәынхоз ажәларқәа зегьы реибабареи, реигәныҩреи, ҳаҭырқәҵарыла наҟ-наҟгьы реизыҟазаареи ракәын. Избанзар ауаа аибашьра дуқәа ргәы ԥырҵәахьан, ирҭахын анапеикәыршара, гәыблыла аиқәшәарақәа, аспорттә еиндаҭларақәа, аконцерттә еиԥыларақәа…

Ари афестиваль аиҿкааҩцәа ирдыруан аҿар адунеи аҿы ирылшо шырацәаз, урҭ шаҟа еигәныҩуаз, шаҟа еизааигәахоз, шаҟа еишьцылоз аҟара, урҭ злахәыз, изхаҭарнакцәаз аҳәынҭқарра дуқәа ирыбжьаз аибацәымӷхареи, аиӷареи хәыҷы-хәыҷла ихьшәашәахон, гәыбылра ҿыцк аӡыхьеиԥш ахы ыҵнагон дара рыбжьара...

Араҟа аҳра руан аспорттә еицлабрақәа, ашәаҳәарақәа, еиуеиԥшым акәашарақәа, еиҳараӡакгьы амилаҭқәа зегьы рҟазшьа ҷыдарақәа аазырԥшуаз ахәмаррақәа.

Ҳара Аԥснынтәи иҟаз аделегациеи, ҳара ҳаиԥш усҟантәи Асовет Еидгыла иаҵанакуаз ареспубликақәа рхаҭарнакцәа зегьы хәаԥшцәақәак раҳасабала акәын ҳашнаԥхьаз, уатәи аиндаҭларақәа акгьы ҳрылахәӡамызт. Ҳара зегьы аурыс делегациа азы ҳадгылан, аспорт хкқәеи, акәашарақәеи зегьы рҿы урҭ аԥхьахәқәа ргар, иалыркаар ҳҭахын, избанзар ҳара иаҳтәыз, иаҳзааигәаӡаз шьоук реиԥш усҟангьы уажәгьы ҳрыхәаԥшуеит.

© Foto / из архива Анатолия ЛагулааАҿар Адунеизегьтәи рфестиваль иалахәыз аԥснытәи агәыԥи асасцәеи
Алакә иаҩызаз: Анатоли Лагәлаа Аҿар адунеизегьтәи рфестиваль дшалахәыз - Sputnik Аҧсны
Аҿар Адунеизегьтәи рфестиваль иалахәыз аԥснытәи агәыԥи асасцәеи

Москва жәамш инарзынаԥшуа ҳаҟазаара, ари алакә ссир иаҩызаз афестиваль алаԥшра, Аԥснытәи аҿар ҳзы даара кыраамҭа иаҳхамышҭуаз, иахьагьы ҳгәалашәараҿы иҿымцәааӡо иаанхаз хҭыс дуӡӡоуп!

Иахьа сара сыуаҩықәрабжа сҭысхьеит, аха уи аҩыза, амилаҭқәа зегьы ирзеиԥшу, изеигәырӷьо ныҳәак макьана саламыԥшыцт! Иҟалап анасыԥ наӡа захьӡугьы убри акәзар, бызшәала еиқәымшәо, ҟазшьала еиԥшым, ԥшрала-сахьала акры еиҩызго, аха ажәада еибадыруа, еилибакаауа, еицгәырӷьо анырацәаҩхо!

Урҭ ирҭаххар аибашьрақәа зегьы ааныркылоит, ажәлар рнапқәа еикәдыршартә, еихӡыӡаан еибабалартә, аӡәи-аӡәи шьҭибахыртә, аӡәы игәырҩа егьи ицәтәымымкәа иҟалартә, аӡәы игәырӷьара егьигь даргәырӷьартә амҵәыжәҩақәа инаҭоит! Убарҭ зегьы нанагӡеит иахьа уажәраанӡагьы уи иалахәыз жәанызқьҩыла ҳгәы иҭымҵәаауа уи Жәларбжьаратәи Адунеизегьтәи Аҿартә Фестиваль Москва ҩажәижәохә шықәса раԥхьа имҩаԥысыз!

Ажәабжьқәа зегьы
0