Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьиа еиҭеиҳәеит Очамчыратәи аԥшьбатәи ашкол азы аҵарашықәс инахар залшо

© Foto / предоставленно Феликсом ДжинджияФеликс Джинджия
Феликс Джинджия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион аҵара аҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр араион аҟны иныҟәараан ашколқәа дшырҭааз, Очамчыратәи аԥшьбатәи ашкол азы аҵарашықәс изнахахо атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьынџьиа Очамчыра аҵарашықәс ишазхиоу атәы

Аминистр даҭааны игәеиҭеит Ҭхьынатәи ашкол. Уи ҵыԥх аҵарашықәс азы ахархәарахь ирыҭан. Акык-ҩбак асса-мыссақәа иагқәаз аиҳабыра рлымҳа аҟынӡа инаганы еиҿыркаартә иҟасҵоит иҳәеит. Уи ашкол аҵарашықәс азы ахәыҷқәа рыдкылара иазхиоуп. Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рыбзоурала х-еихагылакны иҟоу Аҽгәаратәи ашкол ҿыц идыргылаз даҭааит. Аспорттә хәмаррақәа ахьымҩаԥырго азал шьҭа иахьазы ахыркәшарахь инеиуеит. Даара идуу хыброуп, ибзианы еиҿкааны аусқәа мҩаԥысуеит. 1995 шықәса раахыс уаҟа ахәыҷқәа аҩнқәа ҩба рҟны иҩнартәаны аҵара ддырҵон. Аибашьра аан ааха зауз ашкол ауп уажәы ишьақәдыргылаз. Уаҟа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара 130-ҩык ыҟоуп, ашкол анапхгара ишырҳәаз ала, сынтәа урҭ рхыԥхьаӡара даҽа 10-20-ҩык рҟынӡа ацлар ауеит… Аҵара аминистр ҳицны ҳаҭааит зыргылара иалго ақалақьтә хәыҷбаҳча, уи иагқәоугьы ыҟоуп. Очамчыра уадаҩрас иҳамоу акалақь аҟны иҟоу аԥшьбатәи ашкол, абаӷәаза ааигәа иҟоу, аилабгарахь ахы археит… Уаанӡа иҳамаз ахәыҷбаҳчахь аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ииагатәхоит. Уи, хымԥада, ауадаҩрақәа ацуп. Иҟалоит мызкы, мызки бжаки уаҟа аҵарашықәс ҳнахаргьы, избанзар ахәыҷқәа тәартә еиԥш иҟаумҵакәа иузнагаӡом", - иҳәеит Џьынџьиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0