Sputnik амчыбжь: атурсезон ахацыркра, атәанчахәқәа графикла, аԥсуа ҩқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукТуристы на одном из мостиков Новоафонского парка
Туристы на одном из мостиков Новоафонского парка  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәанчахәқәа ршәара аграфик шьақәнаргылеит, аԥсуа ҩқәа урыстәылаа еиҳа бзиа ирбо рреитинг иаҵанакит, Аҟәа имҩаԥысит аицлабра "Swim Sukhum", ареспубликахь раԥхьатәи атуристцәа ааит. Абарҭ амчыбжь ахҭысқәа еиҳа инарҭбааны Sputnik аҿы.

Абри амчыбжь азы Аҟәа иадыркит ацәыргақәҵа "Аҟәа, еснагь иуцу аныҳәа", Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр аспектакльқәа дырбара ааннакылеит аурыс-аԥсуа ҳәаа анаадырт, ашьаусқәа аӡбарҭахь инашьҭын.

Sputnik

Акоронавирус азы

Акоронавирус џьаргьы имцаӡеит. Есыҽны аоперштаб угәы иамыхәаша адыррақәа ҟанаҵоит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Аԥсны акоронавирус змоу рхыԥхьаӡара 134-ҩык рҟынӡа инеихьеит, 38-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа 14 аарԥшуп, ачымазара ихьит аԥсшьаҩгьы

Sputnik имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿ Агәабзиарахьчара аминистрра ахәышәтәратә усбарҭа аиҳабы Саида Делԥҳа илҳәеит акоронавирус алаҵәара аҳәаа аартра иадҳәалам ҳәа.

"Авирус алаҵәара зыхҟьаз аҳәаа аартра акәӡам, Аҟәа ақалақьтә хәышәтәырҭаҿ асанитартә нормақәа иахьрықәымныҟәаз ауп", - азгәалҭеит лара.

Иара убасгьы Делԥҳа илҳәеит акоронавирустә инфекциа амазаара ашьақәыргыларазы хә-нызқь рҟынӡа атест-системақәа Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп ҳәа.

Нанҳәа 4 рзы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра аекспертцәа ргәыԥ акоронавирустә инфекциа змоу ахьырхәышәтәуа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иаҭаан аҭагылазаашьа ҭырҵааит.

Уи адагьы дара неиит Аҟәа, ацхыраара ласы астанциахь. Астанциа амашьынақәа акоронавирус змоу рымҩангара иазырхиоуп. Аекспертцәа ахәыҷтәы поликлиника аусушьагьы ҭырҵааит.

Нанҳәа 8 рзы Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵеит акоронавирус змоу аԥсшьаҩы иҟазааразы. Аԥсшьаҩы Урыстәылаҟа дыргеит ихәышәтәразы.

Раԥхьатәи атуристцәа

Аҳәаа аартра ашьҭахь ареспубликахь иааит раԥхьатәи атуристцәа. Амчыбжь алагамҭазы Афон ҿыц, Пицунда, Гагра урҭ рацәак ирацәамзар амчыбжь анҵәамҭазы рхыԥхьаӡара акыр иацлеит.

Таможенный контроль на КПП Псоу  - Sputnik Аҧсны
160 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра аҳәаа иахысит мчыбжьык аҩнуҵҟала

Шәачатәи аҳазалхратә усбарҭа нанҳәа 8 рызтәи адыррақәа рыла аҳәаа аадыртызар иахысхьоу рхыԥхьаӡара 160-ҩык ыҟоуп, 30 000 машьына лас, 1200 автобус, 1300 еидарамҩангага.

Уаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнак Рудольф Цыба Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿы иҳәеит, иара идыррақәа рыла, нанҳәа 1 инаркны Урыстәылантә Аԥсныҟа иҭалахьоу ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 200 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит ҳәа.

Атәанчахәқәа графикла

Аԥсны аҵәахырҭатә банк урыстәылатәи атәанчахәқәа ршәара аграфик шьақәнаргылоуп ҳәа адырра ҟанаҵеит. Ари атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҵәахырҭатә банк анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Георги Абыхәба.

Выдача пенсий - Sputnik Аҧсны
Атәанчахәытә фонд атәыла араионқәа рҿы атәанчахәы аныршәо арыцхәқәа рҳәеит

"Аԥсны аҵәахырҭатә банк есымза атәанчахәқәа ршәара аграфик шьақәнаргылалоит. Уи зыхҟьо, есымза аԥсшьарамшқәеи аныҳәамшқәеи еиуеиԥшым. Уажәы нанҳәатәи аграфик шьақәҳаргылоит. Ҳахәаԥшуеит ԥхьаҟатәи аусурақәа шцо", - иҳәеит иара.

Аграфик аус адулоуп атәанчаҩцәа рықәра иахьырԥшны ҳәа иҳәеит Георги Абыхәба.

"Нанҳәа 17 рзы атәанчахәы роуеит 1940 шықәса рзынӡа ииз, нанҳәа 20 рзы - 1947 шықәса рзынӡа ииз, нанҳәа 24 рзы ииз - 1953 шықәса рзынӡа ииз, цәыббра 2 рзы егьырҭ иаанхаз атәанчаҩцәа зегьы", - иҳәеит иара.

Адәыӷбақәа рныҟәара хацыркуп

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара хәымз инарзынаԥшуа аихамҩатә еимадара еиԥҟьаны иҟан апандемиа иахырҟьаны. Аихамҩатә еимадара еиҭашьақәыргылахоит нанҳәа 7 инаркны. Раԥхьатәи адәыӷба Санкт-Петербург-Аҟәа Аԥсныҟа иааит нанҳәа 9 рзы. Иара убри амш азы иааит адәыӷба Москва-Аҟәагьы.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара еиҭашьақәыргылахоит - Sputnik Аҧсны
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара еиҭашьақәыргылахоит

АУН "Аԥсныеихамҩа" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Игор Марганиа иҳәеит аҳәаа ахысразы аԥкырақәа анаԥыхха ашьҭахь Урыстәыла аихамҩатә усбарҭа ажәадгла ҟанаҵеит адәыӷбақәа рныҟәаразы ҳәа.

Нанҳәа 15 инаркны аусура иалагоит адәыӷба Самара-Аҟәа.

Уи адагьы иазыԥхьагәаҭоуп атуристтә дәыӷба Тҟәаԥс-Гагра. Марганиа иҳәеит, ари адәыӷбала иаарго атуристцәа аекскурсиақәа рышьҭахь, иарала ахәылбыҽха шьҭахьҟа ихынҳәыр шалшо.

Аихамҩатә еимадара адҳәалахоит Аԥсни Урыстәылеи рҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара акоронавирустә пандемиа инамаданы хәажәкырамзазы иаанкылан.

Аспорт аныҳәа

Аԥсны ихацыркхеит амассатә культуратәи аспорттәи уснагӡатәқәа. Убарҭ иреиуоуп аӡсаразы аиндаҭлара "Swim Sukhum". Аиндаҭлара "Swim Sukhum" мҩаԥысит Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны асабша, нанҳәа 8 рзы. Хәыҷи-дуи 400-ҩык инарзынаԥшуа иалахәын.

Аицлабраҿы адистанциақәа ԥыҭк ыҟан, аха ихадароу 2700 метра инаӡоз адистанциа "Аҟәатәи ашыцәа" раԥхьаӡа акәны "Swim Sukhum" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит сынтәа.

Swim Sukhum прошел в столице Абхазии - Sputnik Аҧсны
Хәыҷгьы-дугьы рныҳәа: Аҟәа имҩаԥысит аиндаҭлара "Swim Sukhum"

Ари адистанциа зҽалазырхәыз аӡсаҩцәа аресторан "Аԥра" асқьала аҟынтә аплиаж "Мокко" аҟынӡа инаӡар акәын. Ари адистанциахь аҽҭаҩра рылшон аԥышәа змоу аӡсаҩцәа мацара.

2700 метра аӡсараҿы ахацәа рахьтә актәи аҭыԥ ааникылеит Олег Недогаров, аҩбатәи – Андреи Степанов, ахԥатәи – Заур Ҭарба.

Аҳәса рахьтә актәи аҭыԥ аанылкылеит Елена Вардимиади, аҩбатәи – Маргарита Ториа, ахԥатәи – Наталиа Воинскаиа.

1000 метра адистанциаҿы ахацәа рахьтә актәи аҭыԥ игеит Егор Журавлиов, аҩбатәи – Артур Василиев, ахԥатәи – Сергеи Ворона.

Аҳәса рахьтә актәи аҭыԥ нылкылеит Полина Слесаренко, аҩбатәи – Наталиа Воинскаиа, ахԥатәи – Иулиа Вардимиади.

Аицлабрақәа рҿы ахәыҷтәы дистанциақәагьы ыҟан. 50 метра рҟны аҷкәынцәа рахьтә актәи аҭыԥ игеит Арсени Теньков, аҩбатәи – Дмитри Раханиан, ахԥатәи – Александр Кравец. Аӡӷабцәа рахьтә зегь раԥхьа дааит Даниела Нубариан, аҩбатәины – Камилла Квернаӡе, ахԥатәины – Ангелина Рушьак.

200 метра инаӡоз ахәыҷтәы дистанциаҿы аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Ҭемыр Диаченко, аҩбатәи –Давид Нубариан, ахԥатәи – Светогор Евдокимов. Аӡӷабцәа рахьтә аҭыԥқәа абас еихшахеит: актәи – Александра Диаченко, аҩбатәи – Роксана Гилиазелидинова, ахԥатәи – Сария Василиева.

Ацәыргақәҵа аркра

Ԥхынгәы 3 рзы, Аҟәа ақалақь амш аҽны иаартыз ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" аусура хнаркәшеит нанҳәа 6 рзы.

Эльвира Арсалия  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арсалиаԥҳа ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" азы: ҳҟазара аӡыргара иацхраауеит

Аихшьаалақәа ҟаҵо ацәыргақәҵа акуратор Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит, ацәыргақәҵа аус ауанаҵы ишаҭааз ҩ-нызқьи бжаки рҟынӡа ахәаԥшцәа шаҭааз.

Ацәыргақәҵа аркраан имҩаԥган ареспублика ашколқәа, Аҟәатәи асахьаҭыхратә школ, ахәыҷтәы рҿиаратә ҩны "Аинар" рҟынтәи аҭааҩцәеи асахьаҭыхыҩцәеи реиԥылара.

Аԥснытәи аҩқәа алкаауп

Аԥснытәи аҩқәа урыстәылаа еиҳа бзиа ирбо аҩқәа рсиахь иаҵаркын Роскачество аҭҵаарақәа инарықәыршәаны.

Аекспертцәа еиҳа ирылаҵәоу аҩхкқәа рыӡбахә рҳәеит.

Абхазские Нарты сходят с конвейера. Видео производства вина - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аҩқәа урыстәылаа еиҳа бзиа ирбо иреиуоуп

Аиҳарак ара бзиа ибаны иржәуеит Италиа, Испаниа, Қырҭтәыла, Франциа, Аԥсны, Чили, Португалиа, Германиа, Молдова иҭрыжьуа аҩқәа.

Аԥснытәи аҩы еилаччақәа еиҳа иалыркаауа – Италиа, Испаниа, Франциа, Португалиа рҟынтәи аҩқәа ахәба ирылашәеит. Аишәаҩқәа еиҳа Урыстәылаҟа иназышьҭуа атәылақәа рыҩныҵҟа Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ ннакылеит.

Убри аан Аԥсны иҭрыжьыз аишәаҩқәа ԥшьба 2019 шықәсазы Урыстәылаҟа иаларгалаз, аԥыжәара змоу аҩқәа рмаркақәа хәба ирылоуп.

Ашьаусқәа аӡбарҭахь инарышьҭит

Нанҳәа 4 рзы амилициа аоперативтә усзуҩцәа рганахьала амчра ахархәара мҩаԥызгаз Мизан Зыхәба, Аслан Зыхәба, Аинар Зыхәба, Гарри Аҩӡба рус Апрокуратура хада аусҭҵааратә Усбарҭа аӡбарҭахь инанашьҭит.

Нанҳәа 6 рзы Валериан Шьанаа иганахь ала ашьаус нашьҭуп Очамчыра араионтә ӡбарҭахь ахәаԥшразы.

Аусҭҵаара инақәыршәаны Шьанаа Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы ахынттә уаҩшьра далахәын ҳәа агәҩаза зызрымоу Беслан Бганба дицхрааит Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан иҵәахразы 2020 шықәса мшаԥы 21 инаркны лаҵара 8 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0