Тҟәаԥси Гагреи атуристтә ретро-дәыӷба рыбжьалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукВокзал в Гагре
Вокзал в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есыҽны иныҟәо атуристтә ретро-дәыӷба Тҟәаԥс иқәҵлоит ашьыжь асааҭ 05:20 рзы, Гагра иҟалоит асааҭ 10:10 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 12 – Sputnik. Тҟәаԥси Гагреи атуристтә ретро-дәыӷба рыбжьалоит нанҳәа 15 инаркны ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит АУН "Аԥснеихамҩа" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Игор Маан.

"Адәыӷба аныҟәара иалагоит Урыстәыла аладатәи ахәҭеи Аԥсни рыбжьара апассаџьырцәа рныҟәгара еиҳа арманшәалара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны", - иҳәоит иара.

Аретро-дәыӷба 11 вагон рыла еибыҭоуп. Заанаҵтәи аныҟәараамҭа абас ишьақәгылоуп: Тҟәаԥс иқәҵлоит ашьыжь асааҭ 05:20 рзы, Гагра иҟалоит асааҭ 10:10 рзы. Гагрантәи Тҟәаԥсҟа ихынҳәуеит асааҭ 19:55 рзы.

"Аретро-дәыӷба апассаџьырцәа Аԥсны рыҟазаараан аӡиа Риҵа, Сталин идача ирҭаар рылшоит. Ари аҩыза атуристтә дәыӷба раԥхьаӡа акәны аныҟәара иалагеит" - иҳәоит Маан.

Адәыӷбаҿ аплацкарттә вагонқәа хԥа ыҟоуп, азеиԥш вагонқәа хԥа, авагон-ресторанқәа ҩба, акупеитәқәа ҩба, аштабтә вагонқәа акы.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара апандемиа иахырҟьаны адәыӷбатә еимадара еиԥҟьан. Иара еиҭахацыркхеит нанҳәа 7 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0