00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Такие обстоятельства
Выборы в Госдуму РФ: мнение общественного деятеля Абхазии
14:04
26 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Выборы в Государственную Думу РФ: пресс-конференция в Sputnik Абхазия
Значение выборов в Госудуму России для Абхазии
14:46
7 мин
On air
14:50
4 мин
On air
14:57
4 мин
Выборы в Государственную Думу РФ: мнение Сократа Джинджолия
On air
15:01
9 мин
Актуальный комментарий
Спикер Парламента Абхазии о выборах в Госдуму РФ и осенней сессии
15:13
11 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа Аԥсны реиҿкаара: аполитолог лыхҳәаа
18:27
8 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҭарба иус азы аилатәара аҿҳәара инахеит ианакәу алымкаакәа

CC0 / / Судебные принадлежности, молоток и книги, на столе
Судебные принадлежности, молоток и книги, на столе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны аҭыԥ змаз Анзор Ҭарба ишьра инадҳәаланы аӡбарҭа абжьбатәи аилатәара мҩаԥысит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы нанҳәа 12 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Инар Кәарҷиа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны аҭыԥ змаз Анзор Ҭарба ишьра инадҳәаланы  аӡбарҭа аилатәара ахигеит, ааха зауз рганахь аҳаҭырдара ахьаарԥшыз азы.

Аилатәара далахәымызт ахара здырҵо Аслан Чедиа. Иара идукат Нино Қәарсаиа ирылалҳәеит иашьа гәакьа акоронавирус иманы Гәдоуҭатәи агоспиталь дҭоуп ҳәа. Лара ишылҳәаз ала, аҳақьым ажәала ирабжьигеит Чедиа аҽыԥхьакратә аамҭа дахысроуп ҳәа.

Адукат убри аан ршаҳаҭгак ма зыҳәак лымамызт. Лара илҳәеит илыхьчо ауаҩы инырра дшацәшәаз.

МВД - Sputnik Аҧсны
Ҭарба ишьра иалахәу ҳәа агәаанагара зызрымоу ахаҿқәа аҩнытә ҭакра рықәырҵеит

Аҳәынҭқарратә харадҵаҩцәеи ааха зауз рхаҭарнакцәеи адҵа ҟарҵеит ахьчаҩ аофициалтә зыҳәа азлырхиарц. Ишьыз иаҳәшьа, Аида Ҭарԥҳа илҳәеит Аслан Чедиа иҽыԥхьакраамҭа нҵәаанӡа аилатәара аҿҳәара инахатәуп, ахара зду аҩнтәы рбаандаҩра арежим еилаигоит ҳәа, иазгәалҭеит ус шакәу ашьақәырӷәӷәаразы афотоҳасабырба цәырылгар шлылшо.

Аҭагылазаашьа алацәажәараан Аида Ҭарԥҳа аҽазныкгьы илҳәеит Чедиа иашьа ихәышәтәра ахьымҩаԥысуа агоспиталь аҟынтәи аҳақьымцәа  рнапы аҵаҩны аофициалтә документ ыҟазароуп ҳәа.

Иагьацылҵеит асеиԥш иҟоу ауаа еснагь аҿкыра рымоуп ҳәа.

Ари ахҳәаа азы аӡбаҩ ҽыԥныҳәа ҟаиҵеит.

Аида Ҭарԥҳа аӡбаҩ "уара" ҳәа иаҳәо иазгәалҭеит илҳәо азин шлымоу. Инар Кәарҷиа арҭ ажәақәа аӡбаҩцәа рганахь ала ицәахыхроуп ҳәа иԥхьаӡеит, аилатәарагьы аҿҳәара ахигеит.

Заанаҵтәи аусҭҵаара аверсиала, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 2019 шықәса ԥхынгәы 11 рзы, амаҵзуратә уада 303 аҿы, Омар Мерцхәылаа иӷьычра далаҟьышьуп ҳәа агәаанагара зызрымаз Анзор Ҭарба иҿахәҿыхраан иԥсҭазаара далҵит.

Ԥхынгәы 13 рзы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рганахьала ашьаус хацдыркит, рмаҵзуратә напынҵақәа рынагӡараан амчра инахырҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0