Аԥсны Урыстәылантә афымцамч аиуразы азыҳәа ҟанаҵеит

© Sputnik / Марианна КубраваЛЭП
ЛЭП - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 14, ашьыжь Тҟәарчал ГРЕС иаалырҟьан афымцарцәара ҟалеит. Иазгәаҭоуп, авариа ахьыҟалаз аҭыԥ ахь ишнеиз аусуҩцәа рыбригада.

АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афымцамч аиуразы азыҳәа ҟанаҵеит ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" Facebook аҿтәи аккаунт аҟынтә.

Электрики восстанавливают линию - Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал ГРЕС аҟны иаалырҟьаны афымцацәара ҟалеит

Иазгәаҭоуп Очамчыратәи авольтҳарак цәаҳәа ВЛ-220 ааха амоуп ҳәа. Авариа ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеиит аусуҩцәа рыбригада.

Иара убасгьы нанҳәа 13 рзгьы аҭыԥ аман Тҟәарчал ГРЕС авариатә фымцацәара. Афымца аиҭашьақәыргылара иалахәын "Амшынеиқәафымцамч" авариаԥыхратә маҵзурақәа. Сааҭыбжак аҩныҵҟала иалыршан афымцалашара аиура аиҭашьақәыргылара.

Нанҳәа 11 рзы Аԥсныҟа иааиит урыстәылатәи аделегациа ареспублика аенергиатә система аҭагылазаашьа аҭҵааразы, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи аенергетика аминистр Александр Новаки реицәажәара ашьҭахь.

Аделегациа иалахәуп АО "Техническая инспекция ЕЭС", ПАО "Россети" аенергетика ахылаԥшра Ацентри рҟазауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0