00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны Асанепидемстанциа аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы абжьгарақәа ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНа уроке
На уроке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Асанитартә епидемиологиатә станциа иҟанаҵаз абжьгарақәа ирықәныҟәар, аҵаратә усбарҭақәа рҟны акоронавирустә инфекциа ахҭысқәа рхыԥхьаӡара амыцлара иацхраауеит.

АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик атәыла аҵара-ааӡаратә усбарҭақәа рҟны акоронавирустә инфекциа ахҭысқәа рцәырҵреи ралаҵәареи иадҳәалоу ашәарҭарақәа рырмаҷра алзыршо аԥҟара-абжьгарақәа ҟалҵеит.

Ҷыдала, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра иабжьылгоит:

  • Арҵаҩратә еилазаара рыбжьара зықәра 65 шықәса еиҳам роуп аус зур зылшо.
  • Аҵаҩцәа рацәаҩны иахьҭоу ашколқәа рҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иагырхатәуп, урҭ нхарҭа ҭыԥла изҵанакуа ашколқәа рахь ииаганы.
  • Аклассқәа рҟны 18-20-ҩык иреиҳаны аҵаҩцәа рыдрымкылароуп.
  • Аныҳәақәа, азеиԥшшколтә цәаҳәақәа, амассатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара мап рцәыркроуп, ашкол ашҭаҿы имҩаԥыргогьы убрахь иналаҵаны.
  • Аиҵбыратә классқәеи аиҳабыратә классқәеи еиҟәыршароуп.
  • Аиҵбыратә классқәеи аиҳабыратә классқәеи рзы ашкол аҩналарҭақәа хаз-хазы еиҿыркаароуп, мамзаргьы ианыҩнало аамҭа еиқәымшәароуп.
  • Аҩналарҭақәа зегьы рҿы агәаҭарҭақәа еиҿыркаароуп - ашоура ахьгәарҭо, рнапқәа ахьдырзҩыдо.
  • Аиҳабыратә школ ахь иаҵанакуа аклассқәа зегьы уадак-уадак рзалырхроуп, еиуеиԥшым акабинетқәа рахь аныҟәара мап ацәыркроуп.
  • Алагарҭатә школ аҟны аурокқәа 30 минуҭ иреиҳамхароуп. Аԥсшьара аамҭа 10-15 минуҭ иҟазароуп аклассқәа аҳауа рыҩнарсразы.
  • Амедицинатә усзуҩцәа апрофилактика шымҩаԥгатәу, асимптомақәа раарԥшра шалшо, раԥхьатәи ацхыраара аҟаҵара шаҭаху уҳәа рзы аинструктаж иахрыжьроуп.
  • Акрыфарҭақәа рыҩналарҭаҿы асапын ҵаӷақәа, арзҩыдагатә ӡшьарқәа ықәдыргылароуп.
  • Ашьышьмаҭрақәа рҿы асапын ҵаӷа зҭоу ашьақәгылақәеи анапыӡәӡәара шаҭаху зну алаҳәарақәеи кыдырҵароуп.
  • Акоридорқәеи, арекреациақәеи, ашәқәа рымаақәеи, амардуанқәа рмаакырақәеи аҵатәхәқәа ирылагаанӡа, иара убас ес-2-3-сааҭ ирыӡәӡәалароуп.
  • Аклассқәа рҟны ҭагалан-аӡынтәи аамҭазы ишьақәыргыланы рхы иадырхәароуп УФО-арециркулиаторқәа.

Уаанӡа ателеканал Гал ТВ аефир аҟны Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр Инал Габлиа иҳәеит атәыла аҩнуҵҟа авирус зауа рхыԥхьаӡара акыр еиҳамхар, аҵарашықәс цәыббра 1 азы иалагоит ҳәа.

Первое сентября во 2-ой школе. - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа рҵара цәыббра 1 азы иалагар ҟалоит

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара хәажәкыра 18 рзы ахәыҷбаҳчақәеи, ашколқәеи, аспорттә секциақәеи, иреиҳау аҵараиурҭақәеи рҟны аҵаратә процесс аанкыларазы аӡбамҭа аднакылеит. Ашколтә каникулқәа хәажәкыра 30-нӡа инахеит, аха аҵарашықәс ацҵара уаҳа изалмыршахеит аԥкрақәа иахьрыцҵахаз инамаданы. Ашколқәеи иреиҳау аҵараиурҭақәеи роушьҭымҭацәа заҵәык роуп аԥышәарақәа раҭара зылшаз.

Ԥхынгәы 1 инаркны Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ашколқәранӡатәи аусбарҭақәа аусура алагара иақәиҭыртәит.

Апандемиа ааҟалеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит 189-ҩык. Урҭ рахьтә 69-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Ажәабжьқәа зегьы
0