АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу агәаҭаразы 94-ҩык атестқәа ирхыжьын, урҭ рахьтә ааҩык COVID-19 шрылоу шьақәырӷәӷәоуп ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны ишышьҭоу 22-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә 20-ҩык акоронавирус шрылоу шьақәырӷәӷәоуп. 3-ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәла иуадаҩуп, ҩыџьа - хәыҷқәоуп.
Аоперштаб адыррақәа рыла, ԥхынгәымза анҵәамҭа инаркны акоронавирус ззышьақәыргылаз ахыԥхьакра арежим аҿы иҟаз ааҩык ргәы бзиахахьеит.
Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб Аԥсны ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкы раламҽырц азы иақәнагоу ахыхьчаратә усмҩаԥгатәқәа рыдыркылаларц.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны Асанепидемстанциа аҵарашықәс ҿыц алагамҭазы абжьгарақәа ҟанаҵеит