АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аԥшьаша, нанҳәа 27 ԥсшьарамшны ирыланаҳәеит, абри атәы аарыцҳауеит аусбарҭа асаит аҟны.
Аԥсшьарамш арахь ииагоуп асабша, жьҭаара 3 рҟынтәи. Убри аан жьҭаара 3 усурамшхоит.
Нанҳәа 26 атәылаҿы иазгәарҭоит Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш. Уи аҽны 2008 шықәсазы Урыстәыла Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарраны иазханаҵеит.
Нанҳәа 28 рзы аԥсуаа иазгәарҭоит Нанҳәа - Анцәа иан лылацәеиқәԥсара амш.
Убас ала, нанҳәа 26 инаркны 30 Аԥсны иԥсшьарахоит.