Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡԥҳа агазеҭ "Ерцахә" азы: аҟазацәа радыԥхьалара уадаҩуп

© Foto / предоставила Хьыкур АвидзбаХьыкур Авидзба
Хьыкур Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыратәи араионтә газеҭ "Ерцахә" аредактор хада Хьыкәыр Аҩӡԥҳа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭалҳәеит агазеҭ аҭоурыхи иахьатәи аусура аиҿкаашьеи ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҩӡԥҳа агазеҭ "Ерцахә" иазкны

"Очамчыратәи араионтә газеҭ "Ерцахә" актәи аномер ҭыҵит 1933 шықәса абҵара 15 рзы. Убри аахыс иҭыҵуеит агазеҭ. Абраҟа аус руан еицырдыруа ажурналистцәа. Костиа Кәыҵниа инеиԥынкыланы акыр шықәса агазет аредактор хадас дыҟан. Агазеҭ ахьӡ ԥсышәала ада даҽакала иузымԥсахо иҟазҵаз раԥхьа дгылоуп апатриот Иура Коӷониа. Аибашьра шеилгаз аиааира амш адырҩаҽны инаркны еиԥҟьарада агазеҭ аредакциа аусура иалагеит. Мызкы ҩынтә иҭыҵуеит, агазеҭ ҭыҵуеит ҩ-бызшәак рыла – аԥсуа бызшәеи аурыс бышәеи. Ҳәарада, аԥсуа бызшәала аҩырақәа иаҳа ирацәоуп аурыс бызшәала иҭыҵуа аҩымҭақәа раасҭа. Ҳгазеҭ ахьыҭҳажьуаз аҭыжьырҭа араион аҿы иҟан. Аибашьра анеилгаз уаанӡа ишыҟаз еиԥш убас аусура иацнаҵон аибашьра ашьҭахьгьы, аха амашәыр иахҟьаны уи ҳгазеҭ ҭыжьырҭа блит. Уи нахыс агазеҭ ҭҳажьуеит Аҟәа Акьыԥхь аҩнаҟны. Атираж 600 цыра ыҟоуп, ахә 15 мааҭ. Араион ахадара еснагь ари агазеҭ иазҿлымҳауп еиԥымҟьарада иҭыҵырц ацхыраара ҟарҵоит. Ибжьаҳмыжьӡеит номерк ада. Уи раԥхьа абри акарантин аныҟала аамҭала ҳҽаанаҳкылеит. Аспециалистцәа радыԥхьалара уадаҩуп, избанзар ауалафахәы згәы еихьнашьуа ыҟоуп. Араион ахадара ҳацхрааны ашкол аушьҭымҭацәа ажурналистика афакультет ахь иаҳашьҭуа маҷӡам, аӡәгьы дгьежьны макьана дмааӡацт", - лҳәеит Аҩӡԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0