Зны иззықәԥоз ҳаамҭазы иалахьынҵоу - аԥсуа школ знысыз амҩеи аҿиашьеи

© Sputnik / Валерий Титиевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНа уроке в средней общеобразовательной школе
На уроке в средней общеобразовательной школе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа милаҭтә школ ашьақәгылареи уи аҿиара амҩақәеи дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

Аҵарадырра аларҵәара

Аԥсны аҭоурых ажәытәтәи аамҭақәа инадыркны иахьа уажәраанӡа ишунарбо ала акыр иамриамыз амҩа ианысит. Аԥсуа милаҭ иахьагьы ашьақәгыларатә мҩа иануп. Хазы иалкааны аҵарадырра аԥсуаа рыларҵәара ианалагаз атәы уҳәозар, уи акыргьы ҵуам. Шәышықәса инеиҳаны Аԥсны Урыстәыла ианадыз аамҭа азынгьы Аԥсны ашколқәа ҳәа акгьы дмыргылаӡеит, аимпериа дуӡӡа иаҵанакуаз аԥсуаа аҵара рымаӡамкәа иаанхон.

Анбан - Sputnik Аҧсны
Ахи ахәамци анеидҳәалам: дҵаки қәҵараки рҭоурых

XIX-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжа инаркны, аиҳаракгьы анҵәамҭазы Аԥсны ақьырсианра аларҵәара инаваргыланы ауахәаматә школқәа раартра иалагеит. Усҟан иаԥшьган алагарҭатә школқәа, аԥхьа х-класск рыла иалагаз, анаҩс хә-класск рҟынӡа инаргеит. Аҵара мҩаԥысуан урыс бызшәала, арҵаҩцәа зегьы урысшәала мацара акәын ишцәажәоз. Уи ицәырнагон ауадаҩрақәа аԥсуа хәыҷқәа рзы, аха урҭ ашколқәа рахьгьы зегьы зҭаломызт. Уи атәы ибзианы иаанарԥшуеит Дырмит Гәлиа иҩымҭа "Ашкол сышҭалаз". Ашьҭахь иара Дырмит Гәлиа иоуп, ишдыру еиԥш, раԥхьаӡа акәны аԥсуа сахьаркыратә литература ашьапы зкызгьы, аԥсуаа аҵарадырра рыларҵәарагьы зыԥсҭазаара зегьы азызкыз.

Аԥсны асовет мчра анышьақәгыла инаркны аԥсуаа иқәдыргыло иалагеит амилаҭтә школқәа раартра азҵаара, аха 30-тәи ашықәсқәа рзы Сталини Бериеи имҩаԥыргоз аполитика иахырҟьаны аԥсуаа рхатәы бызшәала аҵара азин рымамызт. Ус шакәызгьы, аԥсуаа рхатәы бызшәала аҵара заҟа ирхәаҽуаз аҟара, дара уи еиҳагьы иазҿлымҳахо иалагон. Убас 50-тәи ашықәсқәа рзы, Сталин ирежим аҟынтәи ахақәиҭхара аныҟала, Аԥсны аԥсуа школқәа рхыԥхьаӡара азҳара иалагеит, егьырҭ аурыс, ақырҭуа, аерман школқәа рҟны аасҭа аԥсуа школқәа ирҭалоз рхыԥхьаӡарагьы акыр иазҳаит. Аҵарауаҩ В. Б. Ҟәырасқәуа ишиҩуа ала, 1921/1922 шықәсқәа рзы аԥсуа школқәа 20 ыҟан, аха урҭ рҟны аҵаразы аҭагылазаашьақәа акыр иуадаҩын. Абар уи иааиго агәылҩаа Кәтол ақыҭан ашкол ахьыҟаҵаз иазкны: "Аҵара ахьырҵо аӷәтәы ҩны аҟноуп, аԥенџьырқәа асаркьа рҭасаӡам, акласстә ӷәы рымаӡам, иахьыҩуа аҩны аҭӡамц аҟноуп…". Аԥсуа школқәа ирызхомызт арҵаҩцәа. Усҟантәи аамҭазы рҵаҩцәас аус руан Андреи Ҷоҷуа, Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Константин Шьаҟрыл, Платон Шьаҟрыл, Симон Басариа уҳәа.

Ахәыҷқәа рзы: аԥсуа бызшәа аҵара аметодика ҿыц ӡыргоуп>>

Алагарҭатә классқәа рҟны ахатәы бызшәа амаҭәар аларгалеит. Аԥсуаа ҩ-бызшәак рыла аҵара шьақәдыргылеит арҵагатә цхыраагӡақәа рзымхара шыҟазгьы. Ихадараз хатәы бызшәала аҩреи аԥхьареи дырҵара акәын. Убас хәыҷ-хәыҷы алагарҭатә классқәа зегьы аԥсышәала имҩаԥысуа иҟалеит, иахьа ишҳамоу еиԥш.

Аҵарадырра аҿиара мҩақәа

Иахьатәи аҵарадырра аӡбахә ҳалацәажәозар, иазгәаҭатәуп аусура ду шымҩаԥгоу арҵаҩцәа рааӡареи арҵаҩцәа аметодикатә цхыраагӡақәа рыла реиқәыршәареи аганахьала. Ҳәарада, иахьатәи аамҭеи Асовет аамҭеи узеидкылом. Аҵарадырра есааира ԥхьаҟа ацара, аизҳара иаҿуп, аамҭа ицәырнагоит иҿыцу аԥҟарақәа. Аха аԥсуаа Асовет жәлар рсоциалисттә ргылара аԥҟарақәа макьана изырцәымцацт.

День знаний в 2-ой средней школе - Sputnik Аҧсны
Аҵара аминистр идҵа: аԥсуа хәыҷқәа аԥсуа школқәа рахь мацара ирыдыркылароуп

1921 шықәсазы Асовет мчра анышьақәгылаз Аԥсны Қырҭтәылатәи аҳәынҭқарра иаҵанакуаз автономианы иахьыҟаз азоуп амилаҭтә школқәа ҳәа аԥшьганы изыҟаз, аԥсуа школқәагьы усҟан рхыԥхьаӡара даараӡа имаҷын, урҭ раартра иазықәԥон. Иахьа ҳара ҳанхоит иазхаҵоу ихьыԥшыму Аԥсны аҳәынҭқарраҿы. Аха структурақәак рҟны иахьагьы иавтономтәу ареспублика аԥҟарақәа роуп шьаҭас ирымоу, ԥсахра рзымуӡакәа. Убарҭ иреиуоуп иахьа иҵарны иқәгылоу ашколқәа рҟны аҵарадырра аиҿкаара азҵаарагьы. Ҳаамҭазгьы абжьаратәи аҵараиурҭа амилаҭтә школқәа рыла еихшоуп, аԥсуа школқәа иахьа рхыԥхьаӡара акыр ишырацәоугьы (егьырҭ аамҭақәа ирыдкыланы уахәаԥшуазар), насгьы иҟаӡам иаку арҵагатә программақәа. Убри иахырҟьангьы ицәырҵуеит агәаанагара школқәак рҟны апрограмма иаҳа иӷәӷәоуп, даҽа школқәак рҟны иаҳа иԥсыҽуп ҳәа. Ус еиԥш агәаанагара зыҟалеи ҳәа узҳәаӡом. Ари аҭагылазаашьа иунарбоит ҳаамҭазтәи аҵарадырра аиҭакрақәа аҭахны ишыҟоу.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0