Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габлиаԥҳа: аколлеџь аиҭашьақәыргыларатә усурақәа аҵаратә процесс иаԥырхагам

© SputnikСветлана Габлия
Светлана Габлия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь аиҳабы Светлана Габлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит излагаз аҵарашықәси ахыбра аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩасшьеи ртәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габлиаԥҳа аҳәынҭқарратә коллеџь аиҭашьақәыргылара иазкны

"Аколлеџь ҿыц иҭалеит 60-ҩык инарзынаԥшуа, егьырҭ ашықәсқәа раан 100-ҩык рҟынӡа ҳаулон, аха амза нҵәаанӡа иҳадаҳкылалоит астудентцәа, уи аҩыза азин ҳамоуп, убри аҟнытә еиҭа иааип ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ианрылага, аколлеџь иаҵанакуа даҽа хыбрак ҳнацхраа-аацхраан, аудиториақәа уахь ииаҳгеит. Иҳамоуп аҭагылазаашьа ҳнеивыс-ааивысуа аҵарагьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи еилаҳагӡо. Ахыбра аремонттә усурақәа шьҭа ихыркәшазар акәын, аха аҳәаа ахьаркыз аҟынтә аргыларатә маҭәахәқәа раагара аус еиԥҟьеит, аха ҳара агәынамӡара ҳәа акгьы ҳамам, арҭ аусурақәа ҳарзыԥшыижьҭеи акрааҵуан ", - еиҭалҳәеит Габлиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0